Шьамтәылатәи ар Хама ажәлара аԥдырҟәҟәааит

© AFP 2023 / LOUAI BESHARAСирийская армия
Сирийская армия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, шьамтәылатәи ар апровинциақәа Хамеи Идлиби рҟны ажәыларақәа ныркылеит.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Шьамтәылатәи аруаа атеррористтә гәыԥ "Катаиб аль-Изза" аибашьцәа апровинциа Хамаҿы аҩбатәи ржәылара ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Турецкая бронетехника - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла ар Шьамтәыла аҳәаа иаднахалоит

"Атеррористцәа рҽазышәарақәа аанрыжьуам Шәачатәи аиқәшаҳаҭрақәа раԥырҟәҟәааразы", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ақыҭақәа Телль-Сахри Џьанабиреи рраионқәа рҟынтәи арратә база Бреидиџьи ақыҭа аль-Мугири рыжәлара мҩаԥган.

"Ар ажәылара ааныркылеит. Атеррористцәа рыбжьара иҟоуп ишьуи ихәуи", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Цәыббрамзазы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ртәылахьчара аминистрцәа идлибтәи азонаҿы адимилитаризациатә цәаҳәа аԥҵаразы амеморандум рнапы аҵарҩит.

Ажәабжьқәа зегьы
0