Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Валери Касланӡиа: иҟасҵаз маҷысшьоит, сызлаҟоу ала схы маҷны избоит

© Sputnik Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа
Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажәеинраалақәа рыҩра дшалагаз, адраматургиахь дхьазырԥшыз атәы.
Валери Касланӡиа: иҟасҵаз маҷысшьоит, сызлаҟоу ала схы маҷны избоит

"Таиф Аџьбеи сареи аҵара еицаҳҵон, усҟан иара ажәеинраалақәа иҩуан, ианысирба ашьҭахь еиҳагьы ажәенраалақәа рыҩра сгәаԥхо сҟалеит. Ус сшыҟаз сгәыла ӡӷаб, уажәеинраалақәа сыҭ срыԥхьоит ҳәа салҳәеит, ианлысҭа исцәлырӡит, иаасыҩхьаз зегьы лысҭеит, арахь ахҩылаа сымаӡамызт. Убри убас сгәы канажьит, шықәсык акгьы сыҩӡомызт, ус аррагьы сыргеит, хышықәса уа сыҟан ажәеинраала згәалашәодаз. Аҩра салазыргаз Станислав Лакоба иоуп, иара сеиҭагамҭа игәаԥхеит, ажәеинраалақәа рыҩрахьы схьаирԥшит ухәар алшоит", — еиҭеиҳәеит Касланӡиа.

Анҷа-Кәынҷа "иаб": ашәҟәыҩҩы Валери Касланӡиа 75 шықәса ихыҵит

Апоет, адраматург, иазгәеиҭеит иԥсҭазаараҿы иҟаиҵаз маҷны ишыиԥхьаӡо. 

"Сара сыԥҭазаараҿы исцәымӷны иҟоу амц ауп, сзааӡаз (аред. Лео Касланӡиа – иаб иашьа) џьаразаҵәык ауп, ҭыԥҳәацәак рахь сцозар, сҩызцәа рахь сцоит ҳәа иасҳәон, усҟан сҟаԥшьхон, нас еиликаауан сахьцозгьы. Убри ада амц сымҳәац. Ауаҩы изы угәы цқьазар, амц зҳәатәуи? Иҟасҵаз маҷысшьоит, сызлаҟоу ала схы маҷны избоит", — ҳәа азгәеиҭеит Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Абҵарамза 22 рзы апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа ихыҵит 75 шықәса.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0