Анҷа-Кәынҷа "иаб": ашәҟәыҩҩы Валери Касланӡиа 75 шықәса ихыҵит

© SputnikВалерий Касландзия
Валерий Касландзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу апоет, адраматург Валери Платон-иԥа Касланӡиа ихәыҷтәы поезиа иааӡахьеит иакымкәа-иҩбамкәа абиԥарақәа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Каҳа-бӷала, каҳа-бӷала,

Уцала ушзахәо ухала.

Иҟам имариоу акгьы,

Ушьаҿа рыӷәӷәа уаргьы…

Арҭ реиԥш ацәаҳәақәа ҿыц аныҟәашьа зҵо, адунеи ҿыцбарах иқәыԥшуа асаби иааӡараҿы кыр ихәарҭоуп. Избанзар ари апоезиа ахәыҷы имарианы идикылартә еихышәшәоит, иласуп, аха убри аамҭазгьы ихшыҩрҵагоу аҵакы џьара иацәыӡны иубаӡом. Сгәанала ацәаҳәа "Иҟам имариоу акгьы" ахалагьы зегьы аҳәоит. Ирацәаҩым апоезиаҿы ахәыҷреи аҵаки реилагӡара зылшо.

Детская литература на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Валери Касланӡиа ихәыҷрашьҭра ахынҳәра

Арҭ ацәаҳәақәа равтор иԥсҭазааратә мҩа дахцәажәеит апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Махаз-иԥа Касланӡиа. Иара иажәақәа рыла, Валери дхәыҷаахысгьы иеиҳабацәа ражәақәа, ражәабжьеиҭаҳәашьа уҳәа хшыҩзышьҭра риҭон.

Валери Касланӡиа: иҟасҵаз маҷысшьоит, сызлаҟоу ала схы маҷны избоит

"Кәтол ақыҭан Тур иҳаблаҿы инхон хы-жәлакы: Басариаа, Мқаиаа, Касланӡиаа. Ари аҳаблаҿы инхоз аҭаҳмадцәа уамашәа аҿаԥыц рҿан, ажәабжь ссирқәа еиҭарҳәон. Ҳарҭ аҿаргьы насыԥк иаҳзаҩызан ахәышҭаара ҳакәшаны урҭ ражәабжьқәа ҳанырзыӡырҩуаз. Валери егьырҭ зегьы дҳаиҵбын, аха иахьа еиԥш исгәалашәоит, аӡәы ажәабжьк анаацәыригалакь ибла хәыҷқәа шаацырцыруаз. Убасҟангьы ажәлар ражәа ҟәыш игәы ишақәшәоз, ихаҿы ишынхоз уаҩы ибарҭан", — иҳәеит апрофессор.

Алықьса Махаз-иԥа излаиҳәаз ала, Валери анаҩстәи иԥсҭазаара кырынтә аԥышәара дҭанаргылахьан. Иара дмаҷӡан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалагаз. Усҟан зыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылаз арԥарцәа днарыцлеит Валери иаб Платонгьы (аҭаацәараҿы Пиа ҳәа иарҳәон). Уи ихала аибашьра адәаҿы днымхарц иашьа Леуагьы диццеит. Рҩыџьагьы зыхнымҳәӡеит.

Валери иан д-Арышԥҳан, Венера лыхьӡын. Ари аҩыза аныҟала, лара уаҳа хаҵа дымцаӡакәа лхы лражәит, лыԥсҭазаара зегьы лхәыҷы иааӡара иазылкит. Ашкол Валери раԥхьа дҭарҵеит Кәтол. Аха уахь ацара-аара уадаҩын, амҩа харан. Убри аҟнытә Валери иаб иашьа Леуарса Аҟәаҟа дааиган, 10-тәи ашкол далиргеит.

Вручение наград премии имени Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа анашьара мҩаԥысит

Анаҩс, Валери Платон-иԥа 1963-1966 шықәсқәа рзы Асовет Еидгыла архәҭақәа рҿы аррамаҵзура ихигон. Ирҿиаратә мҩагьы ари аамҭазы ахы ыҵнахит. Иара иажәеинраалақәа акьыԥхь аҟны ицәырҵуа иалагеит 1961 шықәса инаркны. 1970 шықәсазы далгоит Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Аҵәаҵлақәа шәҭуеит" 1983 шықәсазы иҭыҵуеит.

Алықьса Махаз-иԥа излаиҳәаз ала, Валери Касланӡиа рҿиаҩык иаҳасабала ишьақәгылараҿы ароль ӷәӷәа наигӡеит апоет Таиф Аџьба.

"Дара рҩыџьагьы еиқәлацәан, иагьеиҩызцәан. Хәҭакахьала уигьы иабзоурахеит ҳәа сгәы иаанагоит Валери арҿиара инапы ахьалаикыз", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убас Алықьса Махаз-иԥа игәалаиршәоит Валери иҵарашықәсқәа раамҭазы аҭоурыхҭҵаара дшазкызгьы еснагь алитературахь ишихоз.

"Аҵыхәтәан, зегь акоуп арҿиара дазыхынҳәит. Избанзар уи акәын иара игәы иақәшәоз", — абри аҩыза алкаа ҟаиҵеит апрофессор.

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афольклорист Арда Ашәба иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчараҿгьы Валери Касланӡиа иџьабаа шырацәоу.

"Валери Платон-иԥа абаҟақәа рыхьчаразы хазы иҟаз аиҿкаара напхгара аиҭон. Асовет аамҭазгьы ақырҭқәа аԥсуа ҭоурыхтә баҟақәа рыҭҵаара ишырҭаху иақәиҭхарц ианаҿызгьы урҭ дырҿагылаҩын. Иџьабаа ахә шьахарц азы иара "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы" ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Ипоезиа ҳалацәажәозаргьы, иҳәатәуп ибызшәа уамашәа ишыссиру, ахәыҷқәа ирзааигәаны ишеиҿартәоу. Иҩымҭақәа зегьы ааидкыланы уахәаԥшыргьы иалуршәаша, еиҳа ихьысҳауп ҳәа угәы иззаанагаша узыԥшааӡом. Уи, ҳәарада, ахы аус адулара иалҵшәоуп", — иҳәеит иара.

Аҵыхәтәантәи аамҭазгьы апоет арҿиара даҿуп. 2016 шықәсазы иҭыҵит ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи еидызкылаз Валери Касланӡиа ишәҟәы "Аҳ иԥҳа". Иара убас С.Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театри Шә. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи Аҳәынҭқарратә драматә театри Валери Касланӡиа идрамақәа ықәдыргылахьеит. 2017 шықәсазы апоет ианашьоуп Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0