Москватәи аҳаиртә баӷәазақәа рҿы ареисқәа 15 аанкылоуп

CC0 / / Пассажир в аэропорту
Пассажир в аэропорту - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аҳаиртә баӷәазақәа рҿы ахаша, абҵара 28 рзы асоура иахырҟьаны ареисқәа 15 аанкылоуп.

АҞӘА, абҵара 28— Sputnik. 15 реис аамҭала иаанкылоуп ареисқәа 6 рыԥырра аԥыхуп москватәи аҳаиртә баӷәазақәа рҿы асоура иахырҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости асервис "Яндекс.Расписание" адыррақәа шьаҭас иганы.

Ашьыжь, асааҭ 7:50 мск рзы "Домодедово" ареисқәа ҩба аԥыхын, аҽа быжь-реиск аанкылан; "Шереметьево" ареисқәа фба аанкылан, "Внуково" ареисқәа ԥшьба аанкылан, ареисқәа ԥшьба аԥыхын.

Аҳаиртә баӷәаза "Жуковский" аҟынтәи аҳаирпланқәа рышьҭыԥраара асианҵа аԥсахраз информациа ыҟам.

"Яндекс.Пробки" адыррақәа рыла? автомашьынатә еишьҭагылақәа рыхәшьара 4 баллкны ишьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0