Аҟәа имҩаԥыргеит хәыда-ԥсадатәи СПИД адиагностика

© Sputnik Диагностика ВИЧ
Диагностика ВИЧ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ацентр "СПИД" ԥхынҷкәын 1, СПИД иаҿагылан ақәԥара амш иазкны Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри еицымҩаԥыргаз хәыда-ԥсадатәи аекспресс-диагностика агепатитқәа В, С. ВИЧ-инфекциа ргәаҭаразы акциа шымҩаԥысыз азы аматериал шәаԥхьар алшоит Sputnik аҿы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

-Мап, мап, сара СПИД сымаӡам. Ус, сгәабзиара гәасҭар сҭахуп, ҳәа лҳәоит 50 шықәса ирҭагылоу, акциа зхы алазырхәыр зҭаху аԥҳәыс.

Акция по бесплатной диагностике ВИЧ и гепатитов - Sputnik Аҧсны
СПИД иаҿагылан ақәԥара амш иазкны Аҟәа имҩаԥгахоит хәыда-ԥсадатәи акциа

Адиагностика хәыда-ԥсадоуп. Аҟәатәи ацентр "СПИД" ԥхынҷкәын 1, СПИД иаҿагылан ақәԥара амш иазкны Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри еицымҩаԥыргеит хәыда-ԥсадатәи аекспресс-диагностика агепатитқәа В, С. ВИЧ-инфекциа ргәаҭаразы акциа. Рхы гәарҭар рылшон изҭахыз зегьы. Дара егьмаҷмызт. Агәаран иқәгыланы ашьа анализ азы ирырҭон, аҭакгьы иара убас иазыԥшуан.

"Акци хәыда-ԥсада имҩаԥаагоит. Иара азкуп СПИД иаҿагылан ақәԥара амш. Уажәтәи аамҭазы ашьа рырҭахьеит 47-ҩык. Аӡәгьы иҭахымзар ихы ирзаӡом. Аҭак ашьаҭараан иқәыргылоу аномер инақәыршәан ироуеит. Анализқәа ргареи рыҟаҵареи рзы иахәҭаны иҟоу амыругақәеи аиқәыршәагақәеи ҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәоит СПИД Ацентр аусзуҩ Георги Ԥарулуа.

Адкылара мҩаԥыргоит хҩык аҳақьымцәа. Ԥарулуа иажәақәа рыла аиҳарак арахь иааиуа 40 шықәса ирҭысхьоу роуп.

"Шәыхьӡ раԥхьатәи анбан? Заҟа нбан рыла ишьақәгылозеи шәыжәла? Шәан лыхьӡ аԥхьатәи анбанқәа?", - абар зҵаарақәаны иқәиргыло Георги Ԥарулуа.

Архивное фото лаборатории - Sputnik Аҧсны
СПИД аҿагылара амш Аҟәа имҩаԥган

Акциа апринцип хада амаӡароуп. Зхы гәазҭар зҭаху ианиз иахьиз ауп ирҳәо, нас ирыҭахоит аномер ҷыда. Уи инақәыршәаны ауп аҭакқәагьы шроуа.

"Ус шакәугьы ауаа рхы дырзар рҭахым. СПИД аума агепатитқәа роума шрымо аӡәы идырыр рҭахым. Акциа даара ихәарҭоу акоуп. Хәыда-ԥсада иухьуа еилукаауеит", - лҳәоит Аҟәа инхо Лика.

Ашьа рырҭарц арахь иааиит Ареспубликатә хәышәәтырҭа аусзуҩцәагьы. Манана урҭ дыруаӡәкуп.

"Аԥхашьара аҭахны иҟаӡам. Дарбанызаалак илшоит ахгәаҭара. Ҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит. Аиҳаракгьы хра аманы иҟоуп аҿар рзы. Аӡәгьы дымшәааит. Ауаҩы игәабзиара дахылаԥшлароуп. Уи зегьы иаҳҭахуп", - лҳәоит лара.

Хә-сааҭк рыҩныҵҟала 123-ҩык ршьа гәарҭеит. Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри рҳақьым хада Натела Тоԥуриаԥҳа илҳәоит аӡәгьы СПИД иманы ишышьақәыргылам.

Ареспубликатә диспансери СПИД Ацентри еицымҩаԥыргаз хәыда-ԥсадатәи аекспресс-диагностика агепатитқәа В, С. ВИЧ-инфекциа ргәаҭаразы акциа азырхоуп СПИД иаҿагылан ақәԥара амш.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0