Азакәантә инициатива змоу ауааԥсыра азакәанапроект аларгалар ҟалоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖители Сухума. Архивное фото.
Жители Сухума. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабшаҽны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәон Аҟәа ақалақь ахада иалхразы ареферендум амҩаԥгара ицәырнаго азҵаарақәа. Асасцәа: азиндырҩы, адукат Арифа Аӡынԥҳа, ашәҟәыҩҩы Дырмит Габалиа.
Арадио-дырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду"

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара излаҳәо ала, Аҟәа ахада бжьыҭарала иалхразы  2019 шықәса рзы имҩаԥгатәуп ареферендум. Уи алҵшәақәа рыла  аҳҭнықалақь иқәынхо ауааԥсыра ргәаанагара еилкаахоит.

Алхрақәа Аԥсны. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Азиндырҩы Арифа Аӡынԥҳа излалҳәаз ала, ҳара иҳамоуп аҭыԥантәи ареферендум амҩаԥгара алзыршо азакәан. Аха уи аангьы лара иазгәалҭеит аҭыԥантәи ареферендум аиқәыршәареи амҩаԥгареи еиҿызкаауа азакәан шҳамам.

"Ажәлар рзинқәа ԥкуп, избан акәзар зыӡбахә сымоу азакәан ахәҭаҷ 11 рхы ирзархәаӡом, аус ауӡом. Убри аҟнытә азакәан харҭәааны иҳадҳамкылакәа аҭыԥантәи ареферендум амҩаԥгаразы алшара ҳауӡом", — лҳәеит Аӡынԥҳа.

Азиндырҩы иазгәалҭеит Жәлар реизара адагьы азакәантә инициатива змоу ауаагьы азакәан апроект алагалара шрылшо, уажәраанӡагьы ари амҩа ала ишцатәыз.

Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Надараиа: ақалақь ахада иалхрахь ҳаиасыр Гал ахаангьы аԥсуа дузалхӡом

"Иахьатәи аамҭазы ақалақьтә еизараҿы ирыдыркылаз ақәҵара амч амаӡам азакәан аҟамзаара иахҟьаны", — алкаа ҟалҵеит лара.

Ареферендум Аҟәа адагьы егьырҭ араионқәа рҿы амҩаԥгара ҳахьынӡазыхио азҵаара дазааҭгылеит апоет Дырмит Габалиа. Иара игәаанагарала ажәалагала рыманы Жәлар реизара ашҟа имҩахыҵтәуп.

"Сгәанала, раԥхьаӡагьы аҳҭнықалақь ала иалагатәуп. Избан акәзар Аԥсны аҳәаақәа ирыду араионқәа рҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳасаб азуны ари азҵаара аӡбара маҷк даҽакала иазхәыцтәызар ҟалап", — иҳәеит иара.

Аԥсны аҳәынҭқара Аконституциаҿы иаҳәоит Аԥсны ахада даԥсуазароуп, аԥсшәа идыруазароуп ҳәа. Дырмит Габалиа араион ахадацәа ралхраан абри апринципгьы аиқәырхаразы игәаанагара иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, ихадаратәуп аҳәынҭқарратә бызшәа адырра, уи аангьы араион ахада милаҭла даԥсуамзаргьы ҟалоит.

Сухумские башенные часы - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ақалақьтә еизара аӡбра конституциатәым ҳәа иԥхьаӡаны мап ацәкуп

Иара убас адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асасцәа ирылацәажәеит аҭыԥантәи ареферендумқәа ԥықәсларада имҩаԥгахаларц азы иҵегьы иззааҭгылатәу ахәҭаҷқәа, ҳасаб ззуутәу азҵаарақәа.

Дырмит Габалиа излеиҳәаз ала, ақалақьтә депутатцәа ақалақь ахада иахь агәынамӡара атәыла ахада иҟны аарԥшразы ирымоу аҭагылазаашьа рхы иадырхәаӡом.

"Иаҳҳәап азакәан аилагара, ишакәым аԥара аныхра ыҟазар — аус ауеит ахылаԥшра ҟазҵо апалата. Урҭ рыҭҵаамҭақәа зегьы ирбартә аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Аха анаҩс уи аус ауӡом", — иҳәеит иара.

Анаҩс Арифа Аӡынԥҳа дазааҭгылеит ареферендум амҩала иалху ақалақь ахада наҟ-наҟ иамхра азҵаара ықәгылар ӡбашьас иаҭатәу.

"Ақалақь ахада иамхра, иаҳҳәап аҭыԥантәи аизара анапы ианҵазар ҟалоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, иҳадаҳкыло азакәан харҭәаазароуп, иҟаларц иалшо аҭагылазаашьақәа зегьы азакәан ианҳарԥшлароуп. Ишаҳдыруа еиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ажәлар рымчра аҳәынҭқарра амчра шьаҭас иамоуп. Убри аҟнытә ажәлар рзинқәа еснагь ихьчалатәуп".

Ажәабжьқәа зегьы
0