"Анхаҩ бзиа ҩ-цак изгылазароуп"

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАџьықәреи аца иҭаԥсаны
Аџьықәреи аца иҭаԥсаны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы изы имаӡаӡам аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақыҭауаа рынхамҩа аныҟәгара уаанӡеиԥш агәцаракра шамам, уимоу ақалақьқәа рахь нхара еихазгьы рацәаҩхеит. "Ақыҭа малуп" ҳәа ианыԥхьаӡаз аамҭақәа ирхаану ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа (Ҷықьԥҳа) иаҳзеиҭалҳәеит, даныхәыҷыз лаб Мсураҭ Џьыҟә-иԥа Бармышь ақыҭан анхамҩа шныҟәигози, уи иацыз аџьабааи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мсураҭ Ҷықьиԥеи, иԥшәма ԥҳәыс Маргарита Кьахьырԥҳаи (Бениа) жәаҩык ахшара рааӡареи, анхамҩа дуӡӡа аныҟәгареи, аколнхараҟны аусуреи еиларгӡон. Ари аҭаацәара рҳәоуеиқәшәареи, рзеиԥш усеицуреи ирыбзоураны, рыҩнаҭа фатәи-жәтәи агымызт.

"Ҳаб ақыҭанхамҩа аныҟәгара ҷыдала дазнеиуан, адгьыл дықәаарыхуан, арахә иааӡон. Амхы 90 калаҭ аџьықәреи ҭигон, аҟәыд акәзар — иҿырпны жәа-ааҵәак ҟалон. Иааирыхон аҟабақ, акарпыжә, ашьынка", — лҳәоит Лиудмила.

Мсураҭ Џьыҟә-иԥа изгылан ҩ-хәҭакны еихшаз аца ду. Иԥҳа лажәақәа рыла, акы аҟны иҭаиԥсон аџьықәреи шкәакәа, егьи аҿы — аҟаԥшь.

Выставка сельхозпродукции - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ақыҭанхамҩа аалыҵқәа ӡырган Аҟәа

"Аџьықәреиҟаԥшь ауаҩы и́цар иазеиӷьуп ҳәа иааирыхуан ҳаб, уи еиҳараӡак амгьал алаҳхуан", — илгәалашәоит лара.

Мсураҭ Ҷықьиԥа иман имаҷымкәа арахә, аԥсаса. Аразра злаз ахаҵа ахшхырҵәы игәылацәагьы ирыцеиҩишон.

"Зны саб сиазҵааит, есқьынагьы ахшхырҵәы агәылацәа изхаруҭои ҳәа. Усҟан иара иҭак, "иҟалар ауоит убас еиԥш аамҭа, абзацәа анԥсо, аԥсцәа ангыло" аҵакы, аамҭакы ашьҭахь ауп ианеилыскаа — иахьа измам уицхраа, уаҵәы иара ицхыраара уаҳәар ҟалоит ҳәа", — илгәалашәоит Лиудмила.

Аҭаацәара ду ран еиҳараӡак ахәыҷқәа рааӡара акәын уалԥшьаз илыдыз. Лыԥшәма аџьбаа аӷьырак ихахьы игон.

Мсураҭ Сергьегьиа иаанда ахәыжә быцала ишшын, иашҭаҿы хаз-хазы игылан акәасқьа, амаҵурҭа, ҩбаны еиԥшьыз ахыбра. Уаҟа, уадак аҿы аҩы, ауаҭка иҵәахуан, егьи аҟны, ҿыц ихьоз ажә аԥеи иареи иртәон.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Аԥара дук узыҟаҵаӡом: шьхацан иацу абарақьаҭреи, аџьабааи

Акәытқәеи, ашәишәиқәеи, акәатақәеи, аҟызқәеи рхатәы, ихкааз аҭрақәа рызгылан. Арахәи, аԥсасеи ракәзаргьы убас.

Анхарҭа иавагылан аҭаҭын казарма дугьы.

"Ашкол аҿынтә ҳанааилак, акы ҳнацҳаны аҭаҭынҭрахьы ҳцон. Уи ҳаҩны иацәыхаран аҟнытә, ахәыҷқәа иаҳуалыз аҿыхра акәын, ҳаб акалаҭқәа анҭәлак иҟәаҟәа иқәҵаны аказармахь игон", — аџьабаа зцыз аамҭақәа дрыхцәажәоит ажурналист.

Ҽынла аколнхараҿы аус утәын аҟнытә, Мсураҭ уахынла амза иқәҷҷо амхы ирашәон. Алашьцара иҽалеикуан, ааигәа инхоз иабхәараа дырцәыԥхашьангьы.

Ҷықьаа рҭаацәара шә-ведрак аҩы ҭарҭәон, аџьаӷь уаҭка дыршон.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом

"Ҳаб аҳаҷҷеи, аҵәассеи ирылхынгьы ауаҭка ҟаиҵон. Зны аиаҳәа иҭаԥсаны иҟәаҟәон, анаҩс еиҵаиҵон. Ианымазеихалак абҩатә қәаб аҟны иршуан", — ҳәа еиҭалҳәоит Лиудмила.

Ани аԥҳацәеи ахәырма дырҩон, аџьынџьыхәа ҟарҵон. Рнапала иаадрыхуаз ауҭраҭых иалхны ахҩарақәа адыркуан.

Мсураҭи Маргаритеи рыхшара зегьы занааҭк-занааҭк роуратәы, рхы ныҟәыргаратәы еиԥш аҭагылазаашьа рырҭеит.

"Рџьабаала мацара ҳазегьы аҵарақәа ҳдырҵеит. Иқәыԥшӡаны иҳаднагалаз раԥхьатәи ҳҭацацәа иреиуаз, зшьапы хырҟьаҟьа ашҭаҿы иҳацхәмаруаз Инга Хагәышьԥҳагьы Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭарҵеит. Ҳан аԥышәарақәа анылҭиуаз длыцны дцон. Ахшара данлоугьы, ари макьана дқәыԥшуп, аҵара лҵоит, дааԥсоит ҳәа, агара луадахь ианылгозгьы сгәалшәоит", — еиҭалҳәоит зани заби рџьабаа ахаан згәы иҭымҵуа Лиудмила Сергьегьиаԥҳа.

Иахьа, змахәҿа барақьаҭу анхацәа шҳагу ҳабзазара ианубаалоит. Ҳқыҭақәа абжеиҳан иҭацәит. Анкьа атәыла злеибаркыз ақыҭанхамҩала акәын. Хымԥада, аамҭа аҽаԥсахит, ауаҩы иҭахрақәа лассы-лассы рыҽдырҭбаауеит, аха аб ихәшҭаарамца зыԥсахуа акагьы ыҟам. Аҵыхәтәантәи акәиц ыцәаанӡа "амҿы ақәҵатәуп".

Ажәабжьқәа зегьы
0