00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсныи Краснодартәи атәылаҿацәи аԥгаԥсатә цхырааразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыдача полиса ОМС
Выдача полиса ОМС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыԥгаԥса аиҿкаареи, ихымԥадатәиу Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә ԥгаԥсеи, Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы урҭ амедицинатә цхыраара рыҭареи ирызку аусеицуразы аиқәшаҳаҭра" Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи нанҳәа 8 2017 шықәса рзы рнапы аҵарҩит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыԥгаԥса аиҿкаареи, ихымԥадатәиу Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә ԥгаԥсеи, Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы урҭ амедицинатә цхыраара рыҭараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын ашәахьа, ԥхынҷкәын 3 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.

Страховой полис - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса рыҭара хацыркуп

"Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцова далахәны имҩаԥысит Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи рыбжьара "Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа иҟарҵо амедицинатә ԥгаԥса инақәыршәаны урҭ амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаашьазы" Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

2017 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан анапы аҵаҩын "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыԥгаԥса аиҿкаареи, ихымԥадатәиу Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә ԥгаԥсеи, Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә еиҿкаарақәа рҿы урҭ амедицинатә цхыраара рыҭареи ирызку аусеицуразы аиқәшаҳаҭра".

2018 шықәса жәабранмзазы афедерациатә хеилак аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит. Иара инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа амедицинатә ԥгаԥсеи хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраареи роуеит Урыстәылатәи Афедерациа амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны.

Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы
Аԥсныи Краснодартәи атәылаҿацәи аԥгаԥсатә цхырааразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы

 

Ажәабжьқәа зегьы
0