Нурбеи Лышәба диижьҭеи 80 аҵра иазкны агәалашәаратә еиԥылара еиҿнакааит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла. Уи мҩаԥган Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.
"Аус ицызуаз аколлектив аҟны иахьа ԥшьҩык ҳаҟоуп, ажурналистика аганахьала амҩа ҳақәызҵаз иара иоуп. Ҽнак ыҟаӡам аусураҟны данҳгәаламшәо, иуаҩышьеи иусушьеи ҷыдарақәак рыман. Имаҷҩызар ҟалап иахьагьы уаанӡагьы иара иаҳаракыра змоу Аԥсны ажурналистцәа", -ҳәа азгәеиҭеит Гәыбаз.
Нурбеи Лышәба 1954 шықәсазы корректорс аусура далагеит агазеҭ "Бзыԥ" аредакциаҿы, 1965 шықәсазы уи аредактор ихыҭыԥуаҩс дҟалоит. 1978 шықәсазы агазеҭ "Бзыԥ" мацара аҟны ауп иахьанылаз аԥсуа интеллигенциа 130-ҩык рышәҟәы. Нурбеи Лышәба иԥсҭазаара далҵит 1991 шықәсазы 53 шықәса дшырҭагылаз.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.