ТҞӘАРЧАЛ, ԥхынҷкәын 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аремонт аҟаҵара хыркәшахоит 2019 шықәса рзы. Уажәазы инханы иҟоу адәныҟа-ҿраԥшратә усурақәа роуп. Абри атәы атәыла ахада изеиҭеиҳәеит аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Ҭемыр Тҟьебучаа.
"Уажәтәи аамҭазы афымцатә цәаҳәақәа ҳарҿуп, анџьныртә усурақәа рыхәҭеиҳара ҟаҵаны ҳалгахьеит", — иҳәеит иара.
Атәыла ахада ахыбра аҩныҵҟа дыҩналан ибеит иҟаҵои макьаназ иҟаҵатәны иҟоуи. "Аԥсныргылара" адиректор хада Ҭемыр Тҟьебучаа иҳәеит уажәазы ашәқәеи аԥенџьырқәеи рықәыргылара ишаҿу.
Ахәышәтәырҭа ахыбра ҿыц аҿы аусура иалагоит атерапиа, аԥҟарҭа, акушер-геникологиа, апедиатриа рыҟәшақәа. Иара убасгьы аусура иалагоит адкыларҭатә ҟәша. Ахәышәтәырҭаҿ иазыԥхьагәаҭоуп 49-ҩык ачымазцәа рыдкылара.
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа ргылан 1958 шықәса рзы. Уи аахысижьҭеи зныкгьы шьаҭанкыла аремонт азырымуцызт. Аремонт мҩаԥысуеит Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Иара иазоужьуп 200 миллион мааҭ.