АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит
Аԥсны жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа аҭоурыхтә шьаҭа ду шамоу, иахьатәи аиқәшаҳаҭрагьы аҵак ду аманы ишыҟоу.
Апарламент аҿы Аԥсны ахада ихаҭарнакс иҟоу Дмитри Шамба адепутатцәа ирыдигалеит азакәан апроект. Иара иазгәеиҭеит Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра ишазыԥхьагәанаҭо аҭҵаарадырра, аекономика, акультура, аилахәаахәҭра уҳәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аконсультациақәа рымҩаԥгара, жәларбжьаратәи атерроризми атрансмилаҭтә цәгьоуреи ирҿагыланы аицықәԥара.
Аиқәышаҳаҭра азинмчра аманы аус ауеит жәа-шықәса рыҩныҵҟа, уи ашьҭахь аганқәа руак уи аусура аанкылахарц азы адырра ҟанамҵар иацлоит егьырҭ иааиуа ажәашықәсакгьы иамоу азинмчра. Атекст ахь аԥсахрақәеи ариашарақәеи ралагалара алшоит аганқәа рыҩбагь реицеиқәшаҳаҭрала.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи 2018 шықәса лаҵара 29 рзы ирыларҳәеит наҟ-ааҟ ишеизхеибаҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵои.
"Шьамтәылатәи апарламент адепутатцәа Аԥсныи Шьамтәылеи рнапы зҵарҩыз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит 2018 шықәса, жьҭаара 11 рзы.
2018 шықәса, цәыббрамзазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба официалтә ныҟәарала Шьамтәылаҟа дцеит. Дамаск, Ажәлар Рхан аҿаԥхьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Шьамтәылатәи Арабтә республика Ахадеи реиԥылара ацеремониа. Абри ашьҭахь имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
Иара убасгьы аекономикеи, ахəаахəҭреи, аҭҵаарадырреи, атехникатəи, акультуратəи усеицуразы Шьамтәылеи Аҧсныи еицырзеиҧшу Аилак аҧҵаразы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи ахəаахəҭреи аекономикатə усеицуреи русхк аҟны ацхыраара аҳəаақəҵареи рзы аиҳабырабжьаратə Еиқəшаҳаҭреи рзы аиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩын.