Давид Лагәлаа ихәышәтәразы аԥареизгара хацыркуп

© SputnikДавид Лагвилава
Давид Лагвилава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" хы-шықәса зхыҵуа Давид Лагәлаа ихәышәәтразы аԥареизгара хацнаркит.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Давид иҟырҟы амалыр шамаз агәаҭара аналша мызқәак раԥхьоуп. Ахәыҷы уахынла дхәыҽуа, ибжьы цо далагеит.

Ансамбль Гагрыԥшь Москва агәыҳалалратә концерт мҩаԥнагоит - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Гагрыԥшь" Москва агәыҳалалратә концерт мҩаԥнагоит

"Ҳишьклаԥшуа ҳаналага иаабеит иԥсыԥлагаҩагара аҽшеиҭанакыз. Аҳақьымцәа рахь ҳнеиит аха аӡәгьы изымдрит ихьуаз", - ҳәа еиҭалҳәоит Давид иан Виолетта Коиава.

Лаҵарамзазы ахәыҷы иҭагылазаашьа деицәахеит, иҭаацәа Краснодарҟа дыргеит.

"Уа оумашәа ибо ирҳәеит иҭагылазаашьа уадаҩ ала иԥсы злаҭозеи ҳәа. Адиагноз ықәдыргылеит аха ишьҭаҵара мап ацәыркит афинанстә зҵаарақәа инарыдҳәаланы. Анаҩсан Ростовҟа ҳрышьҭит", - лҳәоит лара.

Иаарласны Давид аоперациа изыҟарҵеит. Иҟырҟы иамаз амалырқәа 43 амырхит. Аԥхьаҵәҟьа деиӷьхеит. Аха нанҳәамза инаркны ахәышәтәырҭа ахәыҷы изы аҩбатәи иҩны акәхеит. Есымза аоперациақәа ихигалар акәхеит, арыҩшьыга акәзар игәы анырра анаҭо иалагеит.

Аҵыхәтәантәи акардиограмма акыр иҽеимызт. Игәы аԥсахрақәа аиухьеит ҳәа еиҭалҳәоит Виолетта. Иԥсыԥ алагаҩагара ахьилымшо азы Давид ацәажәараҵәҟьа даҟәыҵхьеит. Ус шакәугьы хышықәса анихыҵуаз иҩызцәа дрыцны ахәыҷбаҳчахь дцеит.

"Уа даара игәаԥхоит. Аҩызцәа ирҳаит. Амала игәамбзиара иахҟьаны лассы-лассы ибжьаҳажьуеит", - лҳәоит ан.

Акциа Ашәахьа ҳалал хацыркхеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Акциа "Иқьиоу ашәахьа" хацыркхеит Аҟәа

Италиатәи аклиника Gruppo Ospedaliero San Donato аҿы ирылшоит Давид игәамбзиара аиҭакра. Ихәышәтәра актәи акурс ахәԥса иартәоит миллион мааҭ. Виолетта ишылҳәо ала аҭаацәа рзы ари акыр иуадаҩуп, аҽа ҩыџьа ахәыҷқәагьы ааӡатәны ирымоуп. Убри азы афонд "Ашана" ахь инеиит.

"Ҩымз рыҩныҵҟа ахәыҷы дыздызкылашаз аклиника ҳашьҭан. Аԥхьа Кореиа идкылара иақәшаҳаҭхоз џьаҳшьон аха мап ҳцәыркит. Уажәы Италиатәи аклиника ақәшаҳаҭхеит ихәышәәтра аха ирҳәеит зныкала ихәышәәтра шалымшао, акурсқәа ҩба-хԥа шымҩаԥгатәу", - ҳәа еиҭалҳәоит "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Ахәыҷы ихәыҷтәы ԥсҭазаара дазыхынҳәырц азы иаҭахуп миллион мааҭ аԥара.

Ацхыраара алшоит СМС ала ажәа ДОБРО ма DOBRO ашьҭрала, абри аномер ахь: 5050. СМС ахәԥса — 20 мааҭ.

Иара убасгьы иалшоит ахархәара амазарц амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность", (*147* ииауго аԥара#).

Ажәабжьқәа зегьы
0