"Абызшәақәа зҵо агәыԥқәа рҟны ԥҟарала фҩык ыҟоуп. Еилкаауп ашколқәа рҟны аклассқәа ус реихшара шымариам. Аха еиуеиԥшым атәым бызшәақәа рҵараҟны ас еиԥш аҭагылазаашьа алҵшәа амоуп, иара убас аудио аурокқәа ыҟазароуп. Сеигәырӷьеит аклассқәа иаҳа абызшәа здыруа, иззымдыруа ҳәа реихшара ыҟоуп ҳәа исаҳаз, иаҳа аметодологиа ахьеиӷьхо, аха ари аус иаҳагьы азнеира аҭахуп. Ажәақәа рацәаны ҿырҳәала рҵара акыр аҵанакуеит, аха зегь раԥхьа иргыланы амотивациа ыҟазароуп. Ауаҩы идыруазароуп изиҭаху абызшәа аҵара. Убри апроблема ыҟамызҭгьы егьырҭ аудаҩрақәа иаразнак иаԥыххон, "абызшәа сзымдыркәа ашә сзыҩналом" ҳәа аҭагылазаашьа аныҟалалак, усҟан ауп аҵара ианалаго", — ҳәа азгәалҭеит Қапԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.