Инар Нарманиа ифильм Архангельсктәи афестиваль аҿы иаиааит иреиӷьу арежиссуразы

© Фото : Screenshot: Inar Narmania / YouTube Кадр из фильма "Меня Зовут Махаз". Режиссер Инар Нармания
Кадр из фильма Меня Зовут Махаз. Режиссер Инар Нармания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" аҟны иӡырган аԥсуа режиссиор Инар Нарманиа зметраж кьаҿу ифильм "Махаз сыхьӡуп". Афестиваль мҩаԥысуан Архангельск, ԥхынҷкәын 6-9 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Инар Нарманиа ифильм Архангельсктәи афестиваль аҿы аиааира агеит аноминациа "Иреиӷьу арежиссиор" ала. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Инар Нарманиа.

"Асеиԥш сазыԥшымызт. Аиашаз, сара шамахамзар акгьы сазыԥшӡом, убри азы еиҳагьы игәахәахеит", — иҳәоит арежиссиор.

Арежиссер Инар Нарманиа ифильм "Махаз сыхьӡуп" Жәларбжьаратәи акинофестиваль "KONIK Film Festival" (Москва) аҟны аԥхьахә аиухьан.

Кадры из фильма Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

2016 шықәса рзы Аԥсны ихацыркын Миха Лакрба иновеллақәа рыла зметраж кьаҿу афильмқәа рҭыхра апроект.

Аҭыхрақәа ирылагеит 2017 шықәса рзы, ихыркәшахеит 2018 шықәса рзы.

Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль аҿы акиносахьа иреиӷьу аԥхьатәи ах-фильмк рахь иаҵанакит.

Арктика атәылақәа жәларбжьаратәи ркинофестиваль "Arctic open" ҩынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Афестиваль иахықәкуп арктикатә регион аҭоурыхи акультуреи рӡыргареи рыларҵәареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0