Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лакрба Варлам Лакрба изы: усҟан аҿар рхәыцшьа, рхымҩаԥгашьа аиааира ҳгартә иҟанаҵеит

© SputnikОтар Лакрба
Отар Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажуранлист Оҭар Лакрба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ашьапылампыл асраҟны аихьӡарақәа змаз, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, Леон иорден занашьоу Варлам Лакрба инысымҩа зеиԥшраз.

"Хра злоу ахҭысқәа": Лакрба аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ашьапылампыласҩы қәыԥш изкны
"Варлам Москва ақалақь аҟны 1976 шықәсазы диит. Усҟан иҭаацәа Москва ақалақь аҟны аус руан, уа инхон. Иара дшыхәыҷыз игәы азцон ашьапылампыл. Жәышықәса анихыҵуаз ашьапылампылтә клуб "Торпедо" иаҵанакуа ақәыԥшцәа рышкол ахь днаргеит. Агәыԥ аҟны дазыҟаиҵон еицырдыруа асовет шьапылампыл асҩы, аолимпиатә чемпион Едуард Стрельцов. Варлам Лакрба жәахаҟа шықәса анихыҵуаз иҭаацәа рыԥсадгьыл ахь Аԥсныҟа ихынҳәит, аҵара иҵон Аҟәатәи ахԥатәи абжьаратә школ аҟны.  Иара Аҟәатәи "Динамо" ақәыԥшцәа ргәыԥ ахь даларҵеит, анаҩс акоманда хада ашҟа диаргеит. Усҟан азыҟаҵаҩс дыҟан Олег Долматов. 1992 шықәса ааԥынразы Варлам ааԥхьара ирҭеит Новороссиисктәи ашьапылампылтә команда "Черноморец" ахь. Варлам ашкол аҟны иҵарагьы химыркәшацызт усҟан, ашәҟәқәа реиқәыршәара ишаҿыз аибашьра иалагеит.

Варлам иаб Даур иҳәаны исаҳахьан, аибашьра ишалагаҵәҟьаз иҷкәын агәаҭеира далагеит, нкылашьа шимамыз ибон. Ахәылбыҽха аҩны ианеиқәшәа иқәыԥшыз иԥазаҵә диацәажәар иҭаххеит, аха иблақәа данырхыԥшыла, иеиҳәарц ииҭахыз зегьы неихыԥсаа ицеит, акгьы иаҳәара изымгәаӷьит аб. "Сҩызцәа ахьцо сцоит", — ҳәа  мацара иҳәеит Варлам, уи аҽны инаркны иан лаҳәшьаԥа Михаил Ҭарбеи иареи рҩызцәа ирыцны еибашьра ицеит. Агәыԥ "Горец" иалан. Аҳбҩық аӷацәа амца зыжәырҵаз авертолиот  иҭан Варлам Лакрбеи Михаил Ҭарбеи. Шықәсқәак раԥхьа рыԥсыбаҩқәа ԥшаан, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны аишьцәа анышә иамадан.

Ҳашьеиҵба Варлам ажәа рацәа ихысҳәаауам, ԥсуаҵас уи ԥшӡамзар ҟалап, аха усҟан аҿар ирхәыцуаз, рхымҩаԥгашьа аиааира ҳгартә иҟанаҵеит. Ихьӡала аспорт азы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса атурнир ахьымҩаԥырго иҭабуп ҳәа расҳәоит, аҿар рааӡараҟны акрызҵазкуа хҭысны сахәаԥшуеит", —  иҳәеит Лакрба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Варлам Лакрба ихьӡ зху XIV–тәи есышықәсатәи ашьапылымпылтә турнир Аҟәа имҩаԥган 2006 шықәсазы ииз рыбжьара. Актәи аҭыԥ ааныркылеит Гудоуҭатәи "Риҵа"ашьапылампыл асыҩцәа қәыԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0