Тҟәарчалаа Ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит

CC0 / / Елка
Елка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақь аҿы аныҳәа амҩаԥгара хацдыркуеит ԥхынҷкәын 22 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчалтәи аныҳәамшқәа ирыхҭыс хадахоит ԥхынҷкәын 22 рзы Акультуратә хан аҿы имҩаԥысраны иҟоу аконцерт. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Рита Ажьиԥҳа.

Елка - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа ақалақь Ашықәс ҿыц азы аԥылара аҽазнархиоит

"Аконцерт рҽаладырхәуеит аԥсуа естрада аеҵәахәқәа, ахореографиатә коллективқәа. Уи инахырҳәҳәангьы аконцерт аԥсуа телехәаԥшрала идырбахоит Ашықәс ҿыц аухаз. Асасцәа рԥыларазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥаагоит", — лҳәеит лара.

Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 12:00 рзы Акультура ахан аҿы ахәыҷқәа рзы аспектакль еиҿыркаауеит Тҟәарчалҟа инаԥхьоу аниматорцәа, ауха аҭыԥантәи аколлективқәа алархәны имҩаԥгахоит Ашықәс ҿыц азтәи ахәылԥаз. Иара абра, ԥхынҷкәын 29, 30 асааҭ 17:00 рзы имҩаԥгахоит аныҳәатә карнавал.

Ақалақь аԥсаӡ хада традициак аҳасаб ала аҭыԥ ннакылоит Акультуратә хан аҿаԥхьа. Сынтәа ирыгәҭакуп араӡны мпышҭақәеи абант ҟаԥшьқәеи абант хьыԥшшәылақәеи рыла аԥсаӡ аҩычара.

"Аԥсаӡ уаанӡа иҳамаз ауп. Макьана иԥсахтәны иҟам. Аԥсаӡ амҵан еснагь аҭааҩцәа ирзыԥшызаауеит Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи", — ҳәа еиҭалҳәоит Ажьиԥҳа.

Ақалақь амҩадуқәа рхиахоит аныҳәа иаҭәаны. Ԥхынҷкәын 31 ауха аныҳәатә феиерверк еиҿкаахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0