"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Харчлаа Аԥсны ашьапылампыл иазкны
"Ашьапылампыл адгылара амазароуп. Жәашықәса раԥхьа ашьапылампыл изамысуаз аҳәынҭқаррақәа иахьа акырӡа рыҩаӡара ҳаракхеит. Избанзар, аспециалистцәа адрыԥхьалеит, иахаҵгылеит. Ашьапылампыл баша спортхкны иазнеиуам. Аԥсуа шьапылампыл ашьҭыхразы ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьа бзиақәа, иҟаҵатәу — азыҟаҵаҩцәа адыԥхьалатәуп. Ҳара иҳамоу рыҩаӡара ҳаракхарцаз ишьҭтәуп Урыстәылаҟа. Ашьапылампыл есааира аҽеиҭанакуеит, аҿыҵрақәа ирықәныҟәалатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Харчлаа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.