ООН Ассамблеиа хада Ҟрым аганахьала асанкциақәа аднакылеит

© Sputnik / РИА НовостиЗаседание Генассамблеи ООН
Заседание Генассамблеи ООН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН Ассамблеиа хада бжьыҭарала иаднакылеит Ҟрыми Севастополи иара убасгьы Амшынеиқәа ахәҭаки Азовтәи амшыни рганахь ала арезолиуциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. ООН Ассамблеиа хадаҿы Украина ирыднагалаз Ҟрыми Севастополи иара убасгьы Амшынеиқәа ахәҭаки Азовтәи амшыни рмилитаризациаз арезолиуциа аднакылеит. Адокумент Урыстәыла иаҿагылоит. Иара иадгылеит 66 тәыла, иаҿагыланы рыбжьы рҭиит 19, абжьыҭира рҽацәхьаркит – 72 тәыла. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ассамблеиа хада агәҭынчымра анаҭом "Ҟрым Урыстәылатәи Афедерациа иахьампыҵанахалаз". Уи адагьы иазгәаҭан Урыстәыла Ҟрымҟа ишынанашьҭуа еиуеиԥшым абџьар: аиадертә иԥыруа аппаратқәа, аракетақәа, аџьаԥҳаны, абџьар, арратә персонал.

Американский самолет Boeing P-8A - Sputnik Аҧсны
Америкатәи аҳаирплан Ҟрым амшынԥшаҳәаҿы аԥшыхәра мҩаԥнагон

Ассамблеиа хада Урыстәылахь ааԥхьара ҟанаҵеит "асеиԥш ахымҩаԥгара иаҟәыҵырц".

Уи адагьы адокумент аҿы иарбоуп "Ҟрым урыстәылатәи арратә мчрақәа рҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥырго ашәарҭара аҵаны ишырбо, уи арегион аҿы иҽеим аекологиатә хҟьа-ԥҟьақәа ахылҿиаар шалшо".

Ҟрым Урыстәыла иарегионхеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы ареферендум анымҩаԥырга ашьҭахь. Ареферендум аҿы 96,77% Ҟрымтәи алхыҩцәеи 95,6% Севастополь алхыҩцәеи рыбжьы рҭиит Ҟрым Урыстәыла иалазарц. Ареферендум мҩаԥыргеит Украина аҳәынҭқарратә шьақәгылара анеиҭарк ашьҭахь. Иара убри аамҭазы Украина иахьагьы Ҟрым иара иахәҭакны иахәаԥшуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0