Британиатәи аԥшыхәратә ӷба Амшын Еиқәа аҵакырахь иҭалеит

© Фото : страница Yörük Işık в TwitterБританское военное судно HMS Echo при проходе пролива Босфор
Британское военное судно HMS Echo при проходе пролива Босфор - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, ԥхынҷкәын 18 рзы Британиа ду арра-мшынтә флот аԥшыхәратә ӷба Амшын Еиқәа аҵакырахь иҭалеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. Аҩаша, ԥхынҷкәын 18 рзы Британиа ду арра-мшынтә флот аԥшыхәратә ӷба "Эко" (HMS Echo) Амшынеиқәа аҵакырахь иҭалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭырқәа ресурс Bosphorus Observer адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы. Ари аресурс Босфор аӷбақәа рҭалареи рҭыҵреи иахылаԥшуеит.

Аӷба HMS Echo – гидрографиатә ӷбоуп, еиқәыршәоуп арратә маӡақәа ҭызҵаауа, иҭазыԥшыхәуа аехолотқәа рыла. Аӷбаҿ иқәгылоуп 7,62 миллиметра иҟоу ф-гәыцәк змоу апулемиотқәа M134 Minigun, 20 мм иҟоу азениттә пушкақәа "Эрликон", згәыцә ҭбаау апулемиотқәа ԥшьба.

Аӷба аҩадатәи ахырхарҭа аманы инеиуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0