Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Валери Аршба еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл шышьақәгылаз

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Аршба
Валерий Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1908 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны еиҿкаан астудентцәа рыла ишьақәгылаз раԥхьатәи ашьапылампылтә команда, уи шыҟалаз аҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аолимпиатә комитет аиҳабы Валери Аршба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аршба Аԥсны ашьапылампыл аҭоурых иазкны

"Аҟәатәи ашьапылампыл асыҩцәа 1913 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны Аԥсны анҭыҵ ицаны Баҭым ихәмарит. Анаҩс 1916 шықәса рзы еиҿкаан Гали Очамчыреи ркомандақәагьы. Раԥхьатәи Аԥсны Асовет еидгыла ахаантәи ашьапылампылтә команда иахьӡын "Унион", иара еиҿкаан 1921 шықәса рзы. Анаҩс ишьақәгылеит "Олимпиа" ҳәа хьӡыс измаз акомандагьы. 1925 шықәса рзы Аҟәа еизгоу акоманда Қырҭтәыла имҩаԥысуаз ачемпионат иалахәын, актәи аҭыԥгьы ааннакылеит. Уи ашықәсан ауп ашьапылампыл азы раԥхьатәи афедерациагьы анышьақәгыла", — ҳәа азгәеиҭеит Аршба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0