00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ҳара ҳжәар
13:29
1 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
5 мин
14:39
1 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
5 мин
18:39
1 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
5 мин
21:39
1 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Ельчин лышьҭашәарыцара: Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа ҳџьынџьуаҩ лганахьала агәҭынчымра ацуп
13:04
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Очамчыра иаатуеит аибашьратә музеи: аусурақәа шымҩаԥысуаз еилаҳкаауеит
13:07
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Ақыҭақәа рыҿиаразы аҳәынҭпрограмма: ишԥарыҭахо афинанстә цхыраара?
13:45
3 мин
Аиҿцәажәара
Урыстәылантәии Аԥснытәии ахәыҷқәеи еидызкылаз алагерь хыркәшоуп: аихшьаала
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Посредник
Экологический надзор в Абхазии: результаты проверок Природоохранной прокуратуры
14:17
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Интервью
"Музыка Гордых": Лукашин рассказал о фестивале в Сухуме
14:46
14 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" ахь ицәырган 36 лот. Еизгахо аԥарақәа рзырхан зылшарақәа ԥку аҭаацәарақәа рыцхраара. Аукцион амҩаԥысшьа атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент иматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" Аҟәа имҩаԥысуеит ҩынтәны. Аукцион иалагаанӡа алотқәа ықәыргылан Москва Аҩны аҿы. Дарбанызаалак амеценат илшон ԥхьаҟа иааихәараны иҟаз абара: 35 сахьеи, Давид Џьопуа иҟаҵамҭа - аҳәызбеи.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа

Зегь раԥхьа арахь иааиит ахәыҷтәы ансамбль "Абаза" акәашацәа. Дара аҭааҩцәа ргәы дырҿыхон рыкәашарала. Аскрипкарҳәаҩ Вачик ихәмарра шамахамзар зегь хнахуан. Иара аа-композициак рҟынӡа неигӡеит, Instagram аҟны ишиашо ицо аефирқәа "дырфырхаҵахеит", Facebook аҿы апостқәа жәпакы изыркит.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа

Амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа аукцион аартуп ҳәа рылеиҳәоит, амеценатцәа ирабжьигоит рԥарақәа иаразнакы инырымхырц, алотқәа ахьырацәо азы. Азал ахь иааргоит асахьаҭыхыҩ Саид Возба ирҿиамҭа - " Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа". Иаарласны иара аархәоит жәа-нызқьмааҭ ҳәа. Ахәылԥаз алагамҭаз ари угәы азҭазҵоз хҭысын. Аха абри ашьҭахь хԥа-ԥшьба лот аӡәгьы иааимхәеит.

Урок добра в сухумской школе № 2 - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит

Амҩаԥгаҩ длафуазу ииашан иҳәозу узымдыруа иазгәеиҭеит уаллагьы иҭиир шилшо. Азал аҿы итәаз ччон, аха аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкит.

Абри ашьҭахь Витали Қацәба иусумҭа "Ҟрым" жәа-нызқьмааҭ ҳәа иаалхәоит Аҟәа инхо Мадонна.

Мадина Бигәааԥҳа лусумҭа "Аԥхынтәи амш" акәзар еимакхеит. Аԥхьатәи ахәԥса хә-нызқьмааҭ инаӡон. Еимаркуан иара арԥызбеи аԥҳәызбеи. Аҵыхәтәаны 16 нызқьмааҭ ҳәа Есма Гарцкиаԥҳа лколлекциаз илгоит.

Миранда Кьышьмариаԥҳа лусумҭа "Риҵа. Ашәарыцаҩ иҩны" ааихәоит Денис Саманба, 8 нызқьмааҭ ҳәа.

"Сара даара исгәаԥхоит Миранда лстиль. Ара ицәыргаз лырҿиамҭақәа зегь аинтерес рыҵан, аха абри еиҳа сыхнахит" иҳәоит Саманба иагьазгәеиҭоит ашьхараҿ аҩны имазарц агәаҳәара шимоу.

© Sputnik Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа

Кристина, Саид Возба ирҿиамҭа - " Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа" аазхәаз, еиҭалҳәоит лан лымшираз ишаалхәаз, ишылбаз еиԥш ишылгәаԥхаз, агәрагьы лгоит уи ҳамҭа бзиахап ҳәа.

Аукцион аҿы иалыршахеит 17 сахьа рыҭира. урҭ рыхәԥса иартәеит 180 нызқьмааҭ.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ахаҭарнак Тамила Соломко лажәақәа рыла асахьақәа раахәара алшоит ԥхынҷкәын нҵәаанӡа.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа

Алотқәа зегьы рфотоқәеи аинформациеи "Кьараз" асаит аҿы ижәбар алшоит. Иҟоуп имаҷымкәа ауаа арҿиамҭақәа аазхәар зҭаху, аха урҭ иахьа иҳақәымшәеит ҳәа лҳәоит лара.

Еизгахо аԥарақәа рзырхан зылшарақәа ԥку, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рыцхраара ҳәа лҳәоит "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа.

© Sputnik / Бадри ЕсиаваАгәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Агәыҳалалратә аукцион Агәы аԥхарра мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә аукцион "Агәы аԥхарра" мҩаԥысит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0