Аҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит

© Sputnik / Сария Кварацхелия"Урок добра" в сухумской школе № 2
Урок добра в сухумской школе № 2 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашкол № 2 аҟны имҩасит "Аҳалалра аурок". Абри атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

"Абзиара аура – ацәгьара амуроуп" ҳәа аҵаҩы ашкол азал ду ибжьы ҩныҩуеит. Иахьа ара имҩаԥысуеит афонд "Ашана" имҩаԥнаго "Аҳалалра аурок". Ари акциа афонд имҩаԥнагоижьҭеи хәышықәса ҵуеит.

Аурок арҵаҩра лхахьы илгеит ателемҩаԥгаҩы Лана Абшьылааԥҳа. Лара ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит афонд аҭоурых, аҿырԥштәқәа аалгеит, ахәыҷқәа ргәы мҿыӷьрацы ацәажәара иалалырхәит.

© Sputnik / Сария КварацхелияАҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит
Урок добра в сухумской школе № 2 - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа ргәаанагарала абзиа- аӡәы уанихәарҭоу, аҳамҭа анизыҟауҵо, уаницхраауа ауп.

"Аҳалалра, ари иубарҭам ҭагылазаашьоуп. Аха абзиара еснагь шьҭахьҟа ихынҳәуеит, "Ҭабуп" аҳәараҵәҟьагьы ҳалалроуп, бзиауроуп", — ҳәа илшьоит ахәбатәи акласс аҵаҩы Софиа Оҭырԥҳа.

Лара лажәақәа рыла иахьазы бзиарак аҟаҵара дахьымӡац аха амш нҵәаанӡа аамҭа лымоуп.

Пресс-конференция с фондом АШАНА об акции Урок Добра - Sputnik Аҧсны
"Аразра аурок" Аԥсны ашколқәа рыҟны имҩаԥыргоит

Анна Бжьаниаԥҳа, Софиа аҵара лыцылҵоит. Лара шьыжьнаҵы лан длыцхрааит, лиарҭа еиллыргеит, ауадақәа лыԥссеит, шьыжьхьа лыцҟалҵеит.

"Сара сан аус лыцызуеи лареи изныкымкәа ақыҭахь, зҭаацәа рылшара ԥку аӡӷаб хәыҷ лахь ицалоит. Саргьы изныкымкәа иҩынтәымкәа сымаҭәақәа, сыхәмаргақәа лзысышьҭхьеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Анна агәыҳалалра далацәажәо.

Ацәгьара акәзар ахәыҷқәа ргәаанагарала иахьуԥыло рацәоуп: амҩаҿ аҩныда ԥстәқәа ақәыԥшцәа шьапыла ирыцәхасуеит, агәамсам амҩаду ианрыжьлоит, рыбжьы рдуны уҿы иҭамӡаша еибырҳәоит.

Аурок ашьҭахь ахәыҷқәа аԥареизгарҭа чықьмача хәыҷқәа еибырҭоит. Ахәыҷқәа рҭаацәа ирыҳәеит аԥара рырҭарц. Иҟоуп зхатә ԥара еизызгоз рҟынтә арахь иаазгазгьы.

"200 мааҭ аазгеит. Ахәҭак сҭаацәа исырҭеит егьи ахәҭа еизызгоз аԥарақәа ирхысхит", — иҳәоит ахәбатәи акласс аҵаҩы Гәырам Чакветаӡе.

Уи адагьы иара игәҭакуп SMS ҩба афонд "Ашана" аномер ахь ишьҭырц.

Агәыҳалалра адунеизегьтәи амш азгәарҭоит абҵара 13 рзы. Аԥсны абри амш азгәарҭоижьҭеи хәышықәсоуп.

© Sputnik / Сария КварацхелияАҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит
Урок добра в сухумской школе № 2 - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ашколхәыҷқәа аҳалалра рыларааӡоит
Ажәабжьқәа зегьы
0