Лили Ҳагԥҳа: Мураҭ хәыҷы Аԥсныҟа ааиха имоукәа - дҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛили Хагба
Лили Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Кавказ ажәларқәа рконфедерациа аштаб аҟны аус зуаз, хатәгәаԥхарала еибашьуаз хаҭа-хаҭала издыруа, изныкымкәа урҭ рҭаацәарақәа ирҭаахьоу, дара ирызкны анҵамҭақәа зырхиахьоу, ашәҟәы "Их души тают над горами" автор, Аԥсуаҭҵааратә институт аԥсуа бызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа дазааҭгылоит ҳаибашьраҿы иҭахаз Карачы-Черқьесскынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз "Леон иорден" занашьоу Мураҭ Кәыџ игәалашәара.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз телехәаԥшралоуп ишраҳаз Ҟарачы-Черқьесскынтәи хатә гәаԥхарала еибашьуаз "Леон иорден" занашьоу Мураҭ Кәыџ иҭаацәа. Усҟан Мураҭ 17 шықәса ракәын ихыҵуаз.

Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

"Зны-зынла санаахәыцлак, шьҭа саргьы сандууп, закәытә мчузеи ирылаз, закәытә гәыбылрааз ирымаз, абрахь аибашьра ишалагаз дырны ианаауаз ҳәа агәаанагара сызцәырҵуеит. Дара зегьы издыруаз ракәын", - ҳаиҿцәажәара абас инхацҳаркит Лили Риза-иԥҳаи сареи.

Лили Ҳагԥҳа, аибашьра ашьҭахьгьы, иара иахьа уажәраанӡагьы хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәеи лареи аимадара рыбжьоуп. Аибашьра ишалагаз Мураҭ иҭаацәа телехәаԥшралоуп ишраҳаз. Лили Ҳагԥҳа, Мураҭ хәыҷы ҳәа дзышьҭоу иани лареи реицәажәара аҟынтә абар нҵамҭақәак:

Мураҭ аҩны дааҩнаххын.

- Аҷкәынцәа Аԥсныҟа ицоит, уа аибашьра иалагеит, саргьы сцоит, - аниҳәа иани иаби иршанхеит.

- Уабацо, уара ухәыҷуп, ҳәа иаҳҳәо ҳҿамшәо ҳақәхеит"-лҳәеит иан. Зегь акоуп уи аҽныҵәҟьа ддәықәымлеит, аха мызқәак анҵы дҳазнымкылеит, иҩызцәа дрыцны дцеит" - абас, Мура иан лажәақәа ҳзеиҭалҳәон Ҳагԥҳа.

Лаҵарамзазы, Мураҭ иҩызцәеи иареи рҽеибаркны дәыӷбала идәықәлеит Аԥсныҟа. Аха, адәыӷбаҿы иааныркылеит рықәра шнаӡамыз анырба.

"Аибашьра ишалагаз раԥхьаҵәҟьа ианиаҳа, Муҳаммед Кьылба дижьарц иақәикит "уажәшьҭа 21 шықәса схыҵуеит", - ҳәа. Мчыла даарц иҭахын, аха Кьылба идыруан иқәра шаҵанамкуаз, имуӡеит. Акыраамҭагы дизгәааны дыҟан, "Аԥсныҟа иахьцоз еибашьра симгаӡеит ҳәа", - азгәалҭоит Лили Ҳагԥҳа.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

Мураҭ Кәыџ зегь акоуп имуит Аԥсныҟа дмаар, рашәарамзазы иан илзымдыруа дааит еибашьра.

"Хымш-ԥшьымш раҟара сҟалаӡом, усқәак сымоуп, хьаас сҟабымҵан", - ҳәа иан салам шәҟәхәыҷык лзииҩит. Мызкы заҵәык акәын Аԥсны даныҟавз, иԥсы анҭаз. Рашәарамза 4 рзы дааит, ԥхынгәымза 4 рзы дҭахеит. Ԥхынгәымзатәи ажәыларақәа раан, Гәымсҭа иҟаз ахҭысқәа жәдыруеит, ԥшыхәра ицақәоз дрыцын, ирхәыз аӡә дыҟазар иалгара дрыцхраауан. Абас, мызкы анааҵуаз, ааиха имаӡакәа дызгарыз ахы иқәшәеит", - лҳәеит Лили Риза-иԥҳа.

Мураҭ Кәыџ, Аԥсны аамҭа кьаҿк акәзаргьы дахьыҟаз, иичаԥаз ахьӡ, иааирԥшыз афырхаҵара ес-ииуа ирыциуеит.

"Мураҭ даара ааӡара бзиа змаз ҷкәынан. Черқьесск азааигәара иҟоу ашәуа қыҭа Ԥсыж инхо Мураҭ иҭаацәарҿы саныҟаз, иан длаӷырӡышуа саԥхьа дахьтәаз, сахьлацәажәоз сыла хтны сызлыхәаԥшуамызт. Мураҭ убриаҟара ибзианы изҳауан, игәылацәагьы ашьҭахь санрыҿцәажәоз излазгәарҭоз ала, даара иҟәымшәышәыз уаын. Аҩноума, агәыл-азла розума, иҩызцәа рзоума, уԥсы дузалымхуа дыҟан, убас бзиа дырбаон"-лҳәеит аҵарауаҩ.

Мураҭ Кәыџ данҭаха ашьҭахь 40 мшы ааҵуаны иан илбаз аԥхыӡ ҳзеиҭалҳәеит Лили Риза-иԥҳа.

"Сан, аимаақәа сзаабымхәан, сара аимаа ҿыцқәагь сымоуп, анапхаҵа ҿыцқәагь сымоуп", - ҳәа леиҳәеит ԥхыӡла ан лыҷкәын. Иҟалаз лзымдырит, лыҷкәын дҭахахьан, анышә дарҭахьан. Аԥхыӡ анылба ашьҭахь хымш ааҵуаны, ахәра зауз аҟарач ҷкәын, иара иҩыза Хасанов зыжәлаз Аԥснынтә инеигеит араҟа инхаз имаҭәақәеи, данаауаз иааигаз иан изаалхәахьаз ишьаимҵацыз аимаа ҿыцқәеи. Уи иан дахыԥсаахьан рыцҳа", - лҳәеит Ҳагԥҳа.

1998 шықәса раахыс Владислав Арӡынба идикылаз ақәҵарала, хатәгәаԥхарала иҭахаз рҭаацәа Аиааира амш аламҭалазы Аԥсныҟа иаауеит. Мураҭ иҭаацәа мааӡацызт, шықәсқәак раԥхьоуп иаауа ианалага.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

"Аԥхьа зны ргәы рзақәкуамызт, изаауамызт. Абыржәы, Аиааиразы хынтәны дааит иан. Зны-зынла санаахәыцлак иџьасшьоит абри аԥҳәыс Аԥсны бзиа ишԥалбо, ишԥалҭаху ҳәа. Лара лнапы ахьӡозар, Аԥсны зегьы лгәыдкыланы ахы лшьышьыр ҟаларын, убриаҟара лгәы былуеит, лхы былуеит. Мураҭ ахшара зегьы дреиҳабын, иҟоуп иашьеи иаҳәшьеи", - ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Лили Ҳагԥҳа лҵарадырра аганахь ала Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа дрымадоуп, аҩызцәа рацәаҩны илымоуп.

"Ажәаԥҟаҵас ирымоуп дара: "Уааигәа Кәыџбак дыҟазар, аԥсрагьы уацәынхоит, амлагьы уакӡом" - ҳәа. Абарҭ рыжәла, рхылҵшьҭра пату ақәуп. Ҳаргьы иҳамдыруеи, Кәыџ Капыта иӡбаху, Кәыџба иашҭа ззырҳәо. Амҳаџьырра иагаз рахьынтә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь агьежьра иалагаз раԥхьа Кәыџбақәа ракәын", - дҳацәажәон аҵарауаҩ.

Мураҭ Кәыџ ижәлантәқәа рышьҭамҭа аԥхьаҟа иҵегьы ирӷәӷәарын, аха илахьынҵа кьаҿхеит умҳәозар.

"Ҳашьҭамҭа ахьыҟаз ҳаԥсадгьыл ауп, ҳтәымуаауп ҳәа рхы рыԥхьаӡаӡом ашәуа ҷкәынцәа. Анцәа суҳәоит, ацәгьара азы иааратәы аҭагылазаашьа уаҳа иҟамлааит. Ԥсадгьылк шакәу иҳамоу, жәларык шҳакәу еилаҳкаауа Анцәа ҳҟаиҵааит, аԥеиԥш бзиа ҳауааит. Мураҭ хәыҷы, аҷкәын ԥшӡа џьанаҭ гыларҭас Анцәа ииҭааит. Ҳаибабара ԥкымзааит, ишьҭамҭа инхази ҳареи абзиарақәа рзы ҳаибабаратәы ҳазшаз иҟаиҵааит. Анцәа уаҳа цәгьара ҳақәумыршәан аринахыс", - ҳәа азгәалҭеит Лили Ҳагԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Аԥсуа телехәаԥшраҿы еиҿкааз "Аибашьцәа рымҩала" захьӡыз адырраҭара амҩаԥгаҩыс сыҟан. Урҭ аҭыхрақәа мҩаԥысуан Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҿы. Усҟан сара исыман алшара, хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз рҭаацәарақәа рҭаара, рыҿцәажәара. Ахааназы исхашҭуам, Ԥсыж ақыҭа Мураҭ Кәыџ иҭацәа ражәақәа. Иан Фатима лгәи-лылаӷырӡи еилаҵәо ус лҳәеит:

"Усҟан сара сԥа 17 шықәса ракәӡамызт ихыҵуаз, сара сзы уи 117 шықәса ихыҵуашәа дысзааиуеит. Сара сԥа еиԥш шаҟаҩ ҭахада, шаҟаҩ анацәа гәжәажәо иҟада? Ҩыџьа-ҩыџьа, хҩы-хҩы, убас ҭаацәала шаҟаҩы алаӡзеи? Ҳаҷкәын иԥсы ҭаны дҳамазар ҳҭахгәышьан, дарбан ану, абу, зԥа иҭахара згәы ҿнамкаауа, аха даҽаганкахьалагьы ҳгәы иладууп, хаҵаҵас ихы ааирԥшит", - ҳәа азгәалҭеит Мураҭ иан.

"Леон иорден" занашьоу Мураҭ Кәыџ иҭаацәа изларҳәо ала, Аԥснынтә аԥсыуак дырбар, рыҷкәын ицәа ихыркаауеит. Мураҭ Кәыџ ихаҿсахьеиԥш илашаӡа ҳҭоурых ахааназы иазынхоит иара игәаӷьреи ифырхаҵареи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0