Еиду аштатқәа рыр Шьамтәыла иалыргоит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовместные учения разведывательных подразделений российских и белорусских десантников
Совместные учения разведывательных подразделений российских и белорусских десантников - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәа рыр Шьамтәыла ишалырго азы аҳәамҭа ҟарҵеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20— Sputnik. Аҩны шкәакәаҿ аҳәамҭа ҟарҵеит Шьамтәыла рыр шалырго азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Вашингтон ажәақәа рыла "Исламское государство"* аиааира иаанагом акоалициа аҵыхәа ԥҵәеит ҳәа. ЕАШ ахада иусбарҭа ахаҭарнак иажәақәа рыла ЕАШ Шьамтәыла аҟазаара аҽеиҭанакуеит.

Второй этап учений ФСБ России в Крыму - Sputnik Аҧсны
Атеракт аззырхиоз ИГИЛ алахәылацәа ргәыԥ ндырҵәеит Ставрополь

Трамп иӡбра ахҳәаа арҭеит урыстәылатәи апарламент апалатақәа рыҩбагь рҿы. Атәылахьчараз аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Шерин иажәақәа рыла арабтә республикаҿы америкатәи ар алыргар апровокациақәа аҭыԥ роур ҟалоит.

Асеиԥш иҟоу асценари мҩаԥгахар алшоит, убри аан ЕАШ ҽыԥныҳәак аиушам иҳәеит иара.

"Иаалырҟьаны ргәы зырԥшқаз еилкаам", - иҳәеит адепутат.

Апарламентари иажәақәа рыла ЕАШ аҭынчрахь абзиабара адунеи иадырдырырц рҭахуп.

Афедерациатә хеилак жәларбжьаратәи аилак ахантәаҩы Константин Косачев америкаа рыр Шьамтәыла ралгара ҩ-ҵаҵӷәык амоуп – америкатәи ар алганы рыдгылаҩцәа рнапала ирҭаху аҟаҵара.

Косачев игәаанагарала Трамп америкаҩныҵҟатә дҵақәа ҩба иҿаԥхьа иқәгылоуп: Америка анҭыҵ аибашьра иаҟәыҵны аҩныҵҟатә усқәа аӡбаларци Шьамтәыла Башар Асади Урыстәылеи ирымҟәыҵхызарци.

Иара убасгьы иазиԥхьаӡоит ар алыргоит аха аполитикатәи арратәи ҭагылазаашьа аҽаԥсахуам ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0