Аԥсны игылоу урыстәылатәи арратә базаҿ арратә полициа аԥырҵеит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения снайперов ВС РФ в Гудауте
Учения снайперов ВС РФ в Гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә полициа иахықәкуп арратә дисциплина аиҿкаареи аҭыԥ аҟны азакәанеиҿкаареи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев далацәажәеит Аԥсны игылоу урыстәылатәи арратә базаҿ арратә полициа шаԥырҵаз атәы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Тактические учения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхақәа рҟны "аӷа" ижәлеит

"Аструктуратә еилазаара ҿыц ахь акандидатцәа ралхра акыр иҭҵааны изызнеиз усын. Акандидат игәабзиаратә ҭагылазаашьа еиԥш азхьаԥшра рыҭан иморалтә ҟазшьақәагьы", ҳәа еиҭеиҳәоит Астафиев.

Аструктуратә еилазаара ҿыц ахь ирыдыркылаз аррамаҵзурауаа ахысит азыҟаҵаратә программа ҷыда арратә полициа Рцентр аҿы. Уи ашьҭахь дара аҵареи аҽазыҟаҵареи ишырхысыз шьақәзырӷәӷәо асертификатқәа рыҭан. Асертификат азин ҟанаҵоит абџьар ҷыда аныҟәгаразы ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Иара иажәақәа рыла, агәыԥ аррамаҵзурауаа иаарласны ироуеит акәылӡтәы машьына "Тигр", ахархәагақәа "Колпак", "Черепаха".

Ажәабжьқәа зегьы
0