Рауль Ҳаџьымба Москва даҭаараны дыҟоуп

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРауль Ҳаџьымба. Архивтә фото
Рауль Ҳаџьымба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иусутә ныҟәара иалагӡаны ихы алаирхәуеит Москватәи амузыкатә театр 100-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21– Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Москва имҩаԥигараны дыҟоуп аусутә еиԥыларақәа жәпакы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы ихы алаирхәуеит Константин Станиславскии Владимир Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр шәышықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа. Аныҳәатә концерт аҿы дықәгылараны дыҟоуп Аԥсныи Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Аҵыхәтәан усутә ныҟәарала Рауль Ҳаџьымба Шәача ақалақь дыҟан ҳазҭоу ашықәс абҵара 21 рзы. Уа еиԥылеит Владимир Путины иареи.

Уаанӡа, абҵарамзазы Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭан.

Ажәабжьқәа зегьы
0