Аҩашаҽны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© AFP 2023 / Fred TANNEAUКран
Кран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡы аанкылара мзызны иамоуп Ацҳа ҟаԥшь араион иахьаҵанакуа аӡымҩангага ҿыцқәа рышьҭаҵара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь амҩадуқәа: Комсомольскаиа, Батумскаиа, Ҷанба рҟны ԥхынҷкәын 25 асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа аӡыржәтә аанкылахоит ҳәа Sputnik иазаанацҳаит АУН "Аҟәатәи аӡыканал".

Аӡы аанкылара мзызны иамоуп Ацҳа ҟаԥшь араион иахьаҵанакуа аӡымҩангага ҿыцқәа рышьҭаҵареи уи аӡымҩангага хада аларсреи ҳәа аанацҳаит "Аӡыканал".

Ажәабжьқәа зегьы
0