Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа: аԥсаӡқәа ԥызҟаз Гәдоуҭа абнанхамҩа аиҳабы драцәажәеит

Анапаҵаҩра
Аԥсаӡқәа рыԥҟара аганахьала Гәдоуҭа араион аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилызкаауаз Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит араион абнанхамҩа аиҳабы ицны имҩаԥыргаз агәаҭарақәа иаадырԥшыз атәы.
Кәарцхьиаԥҳа: аԥсаӡқәа ԥҟаны изҭиуаз Гәдоуҭа абнанхамҩа аиҳабы драцәажәеит

"Хықәкыс иҳаман аԥсаӡқәа ахьызҳауа, ауаа неиртә иахьыҟоу аҭыԥқәа хылаԥшра ахьынӡарымоу еилаҳкаарц. Ус еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҟны абнанхамҩа аусзуҩцәа гылоуп. Гәдоуҭа араион абнанхамҩа аиҳабы Геннади Сыҷынаа ҳиыцны ҳашнеиуаз, амҩан Риҵа абжьаларҭаҟны ҳнеиаанӡа иаҳбеит аԥсаӡқәа шырҭиуаз. Абнанхамҩа аусзуҩцәа рнапаҟны ирыман аԥыза-министр иқәҵара, аԥсаӡқәа рыԥҟара азин шыҟамло атәы зҳәо.  Ус еиԥш Аԥсны азин ыҟам 2014 шықәса раахыс. Иазгәасҭар сҭахуп" аԥсаӡқәа зҭиуаз ашколхәыҷқәа шракәыз, ԥшь-ҵлак рыман", —  лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аԥсаӡҵлақәа рыԥҟара аганахьала аилагарақәа аҭыԥ шрымоугьы, абнанхамҩа аусзуҩцәа ражәақәа рыла, урҭ рымҽхак аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акыр еиҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0