Абиԥарақәа рахь ааԥхьара: аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы

© Sputnik / Саида ЖибаАбиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы
Абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра араион Ахадараҿы абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула шьҭарҵеит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 26- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи, рхыԥхьаӡараҿы иҟоу аибашьра аветеранцәеи раԥшьгарала иӡбан, абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула аҭаҵәахра. Уи хдыртыроуп 2093 шықәсазы, Аиааира шәышықәса ахыҵра азгәаҭараан.

"Аамҭа акапсулақәа Аԥсны иакымкәа-ҩбамкәа наҟ-наҟ абиԥарақәа рахь ааԥхьара ҭарҵәаххьеит. Ҳаргьы убас ҳгәы иаҭаххеит, ииашоуп ҳәагьы иаҳԥхьаӡеит, Аиааира шәышықәса ахыҵра аҽны ари акапсула анаадыртуа, абиԥара ҿыц ирбарц рабдуцәа знысыз аҭоурых. Араҟа иҭаҳҵеит Гагра араиони, адепутатцәеи, еиуеиԥшым аколлективқәеи, ашколхәыҷқәеи рҟнытә ааԥхьара, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра атәы зҳәо авидеонҵамҭақәа, аибашьра аветеранцәа ирызку агазеҭтә очеркқәа, Гагра еицырдыруа ауаа рпатреҭқәа", - иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Акапсула иҭаҵәаху ааԥхьара иаку екземплиархарц азы, аҩбатәи иамыԥхьакәа иԥыржәеит.

Ааԥхьареи, аҭоурыхтә нҵамҭақәеи акапсула иҭаиҵеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Геннади Сыҷынаа.

© Sputnik / Саида ЖибаАбиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы
Абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы - Sputnik Аҧсны
1/4
Абиԥарақәа рахь ааԥхьара аамҭа акапсула иҭаҵәахуп Гагра араион Ахадараҿы

2/4

3/4

4/4

Ажәабжьқәа зегьы
0