Аҳәынҭқарратә думаҿ Киев иабжьыргеит Украина ЕАШ аоккупациа шазнауз рбарц

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмериканские военные инструкторы прибыли на Украину
Американские военные инструкторы прибыли на Украину - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина апрокурор хада Иури Луценко аҭыжьымҭа Bild аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс Урыстәыла аганахь ала ахԥатәи окупациоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума адепутат Михаил Шеремет Киев аҳәамҭа хшыҩдароуп ҳәа ахиҳәааит, иара убри аан Киев иабжьигеит Украина ЕАШ аоккупациа шазнауз рбарц. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Уаанӡа Украина апрокурор хада Иури Луценко аҭыжьымҭа Bild аинтервиу анеиҭоз иҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс Урыстәыла аганахь ала ахԥатәи окупациоуп ҳәа. Актәи аоккупациа ҳәа ишьеит Ҟрым Урыстәыла адҵара, аҩбатәи ҳәа – Донбасстәи ахҭысқәа.

Крымский мост через Керченский пролив. - Sputnik Аҧсны
Керчтәи аӡыбжьахала аҳауатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аӷбақәа рҭалара аанкылоуп

"Арҭ аҳәамҭақәа зегьы гаӡароуп ҳәа рхуҳәаар ауеит. Урҭ зҳәо Урыстәыла аҳәааҿы арратә мчрақәа реизакра аршшаразоуп. Апрокурор хада еиҳа ибарҭахар изыбзиан Еиду аштатқәа Украина шампыҵанахало, избанзар Украина анапхгарамчрақәа рхаҭара ыӡуа иалагеит, адәныҟантә ирарҳәо ада рхатә гәаанагарак рымам", - иҳәеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә дума адепутат Михаил Шеремет.

2018 шықәса абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, Аӷбақәа Амшынеиқәаҟынтәи Керчтәи аӡыбжьахалахь рхы рханы инеиуан. Убри аан дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт.

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит абџьар ахархәарала. Аӷбақәа рҿы 24-ҩык амшынуаа ыҟан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа ашәарҭадаратә маҵзура иаусзуҩцәан.

Пиотр Порошенко иҟалаз азы Киев ООН жәларбжьаратәи Аӡбарҭахь ҳашшуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Москвеи Киеви реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит Донбасс аҭагылазаашьа иаҿырԥшны.

Ажәабжьқәа зегьы
0