"Роскачество": аԥсуа мандаринақәа зегьы иреиӷьуп

© Sputnik Мандарины на прилавках московских магазинов
Мандарины на прилавках московских магазинов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роскачество" аҟазауаа еиҭарҳәеит урыстәылатәи аџьармыкьақәа рҿы мандарина хкқәас иҟоу, урҭ иреиӷьу ралхшьа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. "Роскачество" имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа рышьҭахь аԥсуа мандаринақәа зегьы иреиӷьуп ҳәа ишьақәнаргылеит. Аԥсуа мандаринақәа ирылоу ажьырӡы 70% ыҟоуп, агәаӷь маҷны иргәылоуп ҳәа аанацҳауеит аиҿкаара асаит аҿы.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳазалхырҭа: аҳәаа иахыргахьеит 18 600 тонн амандарина

"Аԥснытәи амандаринақәа рԥыхьашәара уадаҩуп. "Аԥснытәи" ҳәа аҩыра зцу ыҟоуп, аха урҭ анҭаҳҵаа ашьҭахь амандаринақәа аҽа сортк ишатәыз аабеит. Аҭиҩцәа еснагь рыгәра гатәӡам, аҩырақәагьы иҟаҵәҟьоу рҳәаӡом", - ҳәа адырра ҟанаҵоит "Роскачество".

Аекспертцәа иазгәарҭоит аԥсуа мандаринақәа уахьрыхәаԥшуа рацәак улаҿ ишымааиуагьы афҩыхаа шырхылҵуа. Иара убри аан рыхаара маҷк илаҟәуп.

"Роскачество" аҭҵаарақәа иаадырԥшит урыстәылатәи аџьармыкьахь инарго амандаринақәа ргеографиа акыр ишыҭбаау: Египет, Ҭырқәтәыла, Китаи, Аԥсны, Марокко, Перу. Амандаринақәа анҭырҵаауаз иазгәарҭеит анитратқәеи апестицидқәеи рхыԥхьаӡара шмаҷу.

Аха иҟоуп зцәа ацәашьы ахьыршьуа, ирласны иԥхасҭамхарц азы. Иара ахаҭа шәарҭара аҵам аха ашәыр хымԥада ӡырҟәандала иӡәӡәалатәуп рҳәеит аекспертцәа.

"Роскачество" ауаа ргәырҽаннаҵоит аиқәаҵәа кәаԥқәа зқәыԥсоу, аԥакәа змоу амандаринақәа аарымхәаларц.

Египет, Ҭырқәтәыла, Китаи, Аԥсны, Марокко, Перу рҟынтәи амандаринақәа ҭырҵаати 426 рбага рыла. Урҭ рҟынтәи 176 — апестицидқәа ҭырҵаауан.

Ажәабжьқәа зегьы
0