2018 шықәсазы Симониан реиҳа зажәақәа еиҭарҳәо урыстәылатәи журналиступ

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГлавный редактор телеканала RT и МИА "Россия сегодня" Маргарита Симоньян
Главный редактор телеканала RT и МИА Россия сегодня Маргарита Симоньян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аилахәыра "Медиалогия" иакьыԥхьит 2018 шықәсазы реиҳа зажәақәа еиҭарҳәо урыстәылатәи ажурналистцәа рреитинг.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 — Sputnik. МИА "Россия сегодня", ателеканал RT рредактор хада Маргарита Симониан 2018 шықәса рзы реиҳа зажәақәа еиҭарҳәо урыстәылатәи журналиступ ҳәа азгәарҭоит аилахәыра "Медиалогия" аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Маргарита Симоньян - Sputnik Аҧсны
Симониан Скрипальраа "ашҳам рызҭаз" дрыҿцәажәеит

Зегь раасҭа аиформациатә хархәагақәа ирылаҵәеит Симониан Александр Петрови Руслан Боширови ирымылхыз аинтервиу, атәыла ахада Иусбарҭа аҟынтәи ачынуаа рхы аналаргала ашьҭахь ареппер Хаски дахьоурышьҭыз, РИА Новости Украина аофис аҟны имҩаԥгаз аимдарақәеи Кирилл Вышински иҭакреи "Ҟрымтәи ацҳаз ишьоуроуп" ҳәа илҳәази, Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа амитинг ахь ауаа радыԥхьалара иҟалҵази.

Ареитинг аҿы аҩбатәи аҭыԥ никылеит —"Эхо Москвы" аредактор хада Алексеи Венедиктов, ахԥатәи— аспорт журналист, акомментатор Дмитри Губерниев.

Аԥхьагылаҩцәа ахҩык ииасыз ашықәс иадкыланы рырбагақәа еиӷьыртәит: +1 Симониан, +2 Венедиктов, +4 Губерниев.

Ареитиинг аҿы еиҳа аиҭакрақәа ирыҵаркит: Максим Шевченко (+18), Иури Дудь (+8), Сергеи Доренко (+8), Илиа Варламов (+7), Евгени Альбац (+6).

Ҿыц ареитинг ианылеит: Аркади Бабченко, Сергеи Брилев, Кирилл Клеименов, Александр Малькевич, Фарида Рустамова, Дариа Жук, Екатерина Андреева, Ольга Скабеева, Александр Невзоров, Александр Коц, Николаи Усков, Артиом Шеинин, Андреи Колесников.

Ареитинг аҿы рырбагақәа еиҵахеит: Владимир Познер (-3), Ксениа Собчак (-11), Андреи Малахов (-8), Васили Уткин (-1), Геннади Орлов (-1), Павел Гусев (-1).

"Медиалогия" — ихьыԥшым ҭҵааратә еилахәыроуп. Аҭҵаарақәа мҩаԥган 2018 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа.

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0