Шаҟа иаԥсоузеи Аԥсны ахәыҷы изы Ашықәс ҿыц аҳамҭа?

© Sputnik / Томас ТхайцукНовогоднее настроение
Новогоднее настроение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент иҭылҵааит Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи аныҳәа ауха рааԥхьара шаҟа иузтәо.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аҵаа Бабаду изырышьҭыз асаламшәҟәқәа хдыртижьҭеи акырҵуеит, аҳамҭақәагьы аахәоуп. Урҭ рыбжакгьы аԥсаӡ иаҵарҵахьеит. Аныҳәа ассир рнырырц зхәыҷқәа рахь Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи назыԥхьогьы ыҟоуп.

Уи иацу агәахәара ҟәрышьла уазнеиуазар, имаҷу акакәым. Аха ахәыҷы иччаԥшь азы иҟаумҵари.

Аԥсаҵла - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц аҧылара иадҳәалоу агәрагарақәеи азгәаҭарақәеи

Абри аус знапы алаку еиҿкаарак ахь аҭел ҳасуеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа ахәқәагьы халоит. Ԥхынҷкәын 30 рзы — 4000 мааҭ ушәоит, ԥхынҷкәын 31 рзы – 4500 мааҭ, 2019 шықәса раԥхьатәи аминуҭқәа 7500 мааҭ иаԥсоуп.

Аменеџьер иажәақәа рыла, сааҭыбжактәи аҭаара иалагӡаны Аҵаа бабадуи Асҭыԥҳаи ишәаәҳоит икәашоит, ахәыҷқәа ирыцыхәмаруеит.

Еиҳа имариоуп Аҵаа бабаду иҭаара ԥхынҷкәын 29 рзы — 3500 мааҭ. Аха аменеџьер иажәақәа рыла, абиуџьеттә вариантқәа зегьы хаҭәаауп.

Ԥхынҷкәын 27 рҟынӡа аҭел уасны азыҳәа ҟауҵахьазар — 1900 шәатәуп, ԥхынҷкәын 28 — 29 рзынӡа акәзар, 2200 мааҭ ушәоит, ԥхынҷкәын 30 рзынӡа — 2500 мааҭ. Ахәқәа реиҳара-реиҵара мзызны иамоу аамҭоуп.

Аҵаа Бабаду аҳҭнықалақь адагьы дсасны дуҭаар алшоит имҩатә харџьқәа аҭаацәа иршәозар, иара уи араион аҿы ҭыԥк аҿы адагьы неитәны иоуазар.

Ахәыҷқәа ургәырӷьарц уҭахызар уҽазырхиа – 4000 мааҭ, ма 9000 мааҭ ашәара.

Иара убасгьы иҳарҳәеит апрограмма урысшәала ишышьақәгылоу. Избан седроу, аха Аԥснытәи ахәыҷқәа уи еиҳа ирнаалоны ирбоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0