Аԥснытәи ажурналистцәа абрифинг мҩаԥыргеит

© Sputnik Брифинг Союза журналистов Абхазии
Брифинг Союза журналистов Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ажурналистцәа имҩаԥыргаз абрифинг аҿы аидгыла анапхгаҩы Руслан Ҳашыг далацәажәеит 2019 шықәса рзтәи рыгәҭакқәеи рыпланқәеи, аидгыла алахәыла ҿыццәа аршаҳаҭгақәа рыҭан.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Абрифинг аартуа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг еиҭеиҳәеит аиҿкаара ааигәа 50 шықәса шахыҵыз.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы активла аус аауан Аԥсны архивқәеи абиблиотекақәеи рҿы. Аиҿкаара аҭоурых аиҭашьақәыргылара ҳаҿын. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ашьаҭаркратә еизара мҩаԥысит 1968 шықәса ԥхынҷкәын 17 рзы", — иҳәеит иара.

Руслан Ҳашыг иажәақәа рыла, уаанӡа Қырҭтәыла ажурналистцәа Реидгыла аҟәша Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ҳәа акәын ахьӡ шыҟаз.

"60-тәи ашықәсқәа рзтәи аиҭакрақәеи Хрушьчиов иполитикеи аҭагылазаашьа рыԥсахит. Ихазны ишьаҭаркит ажурналистцәа реидгылагьы", — ҳәа иҳәоит Ҳашыг.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит ишазыԥхьагәаҭоу аиҿкаара аизара дуқәа рматериалқәа зегь еидызкыло аброшиура. Руслан Ҳашыг иара убасгьы дрылацәажәеит 2019 шықәсазы планқәас ирымоу. Иазыԥхьагәаҭоуп ареспублика амассатә-информациатә хархәагақәа рнапхгаҩцәа зегьы алархәны инарҭбаау апленум амҩаԥгара.

Апленум амҩаԥгара адҳәалахоит атәылаҿ иззыԥшу алхрақәа рымҩаԥысра.

Екатерина Бебиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бебиаԥҳа: ажурналистика иамоу аԥҟарақәа ирықәныҟәоит Sputnik Аԥсны

"2004 шықәса раахыс аԥснытәи АИХ еиуеиԥшым аԥышәа ду рымоуп – ибзиоуеиԥш рацәак ибаргәымгьы. Ҳара иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны ҳтәылаз акрызҵазкуа абри аполитикатә хҭыс ҳазнеироуп", — иҳәоит Ҳашыг.

Иара иазгәеиҭеит ҩышықәса раԥхьа имҩаԥысуаз апарламенттә лхрақәа раан ареспубликатә АИХқәа даара ҭакԥхықәрала ишазнеиз акрызҵазкуаз абри ахҭыс.

2019 шықәсазтәи апланқәа дрылацәажәо Ҳашыг иҳәеит раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" шәышықәса ахыҵра азгәаҭара шымҩаԥгахо.

"Аԥсуа журналистика ахыҵхырҭаамҭа инаркны, ателерадиоеилахәыра 1978 шықәсазы ацәырҵранӡа шамахамзар ҳжурналистцәа зегьы рымҩа ахы ахьыркуаз агазеҭ "Аԥсны" аҟнакәын. Уи иахьа имариам аҭагылазаашьала аус ауазаргьы хымԥада адгылара аҭаны аиубилеитә рыцхә ишахәҭоу иазгәаҭатәуп" — иҳәеит иара.

Абрифинг амҩаԥгараан аиҿкаара ҿыц иалало рнапаҿы идыркын аршаҳаҭгақәа.

Руслан Ҳашыг иажәаәқа рыла, АИХ рыҿиараҿы ихадарақәоу иреиуоуп аҿар ажурналистика радҳәалара, арҿиара рнапалакра.

"Ҳредакциақәа акадрқәа рганахьала ауадаҩрақәа рымоуп. Аидгылеи ауниверситети еиҳа еинырны аус еицыруазароуп", — иҳәеит иара.

© Sputnik Удостоверения журналистов
Удостоверения журналистов - Sputnik Аҧсны
Удостоверения журналистов

Аидгыла ҿыц иалалоз дреиуоуп ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа.

"Сара сжурналисттә усура хацсыркит ауниверситеттә газеҭ аҿы аштатнҭыҵтәи аусзуҩ ҳәа, 2009 шықәса рынахыс штаттә корреспондентны сҟалеит. Абри аамҭала еиуеиԥшым ауааи сареи ҳаиднагалеит, азанааҭ сгәы иаднакылеит. Сара исгәаԥхоит аҭҵааратә журналистика, ҳара ҳҿы еиҳа иуԥыло аинформациатә журналистикоуп", — ҳәа лҳәоит лара.

2018 шықәса рзы Аԥсны ажурналистцәа Реидгылахь ирыдыркылеит 19–ҩык алахәыла ҿыццәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0