Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: атәылауаҩшәҟәы аҽҳәара ахьынҵәо азы аамҭалатәи уадаҩрақәак зауа ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра шцо азҵаара ҭызҵаауаз Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадио аҟны еиҭеиҳәеит аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аҩӡба: атәылауаҩшәҟәы аҽҳәара ахьынҵәо азы аамҭалатәи уадаҩрақәак зауа ҟалоит

"Ажьырныҳәа акы инаркны ажәытә аԥсуа тәылауаҩшәҟәы амч ацәыӡуеит. Зегьы рхы иадырхәароуп ҿыцны 2016 шықәса раахыижьҭеи ирырҭуа аԥсуа тәылауаҩшәҟәы. Иахьазы Аԥсны 140- нызқьҩык инарзынаԥшуа атәылауаҩшәҟәы рымоуп. Урҭ рахьынтә 105 нызқьҩык атәылауаҩшәҟәқәа роухьеит. Иааидкыланы 115 нызқьҩык ауаа арзаҳал аларҵхьеит, урҭ рахьынтә ҩ-нызқь шәҟәы инарзынаԥшуа аус рыдырулоит апсапорттә усбарҭақәа русзуҩцәа, насгьы ԥшьнызқьи бжаки инареиҳаны атәылауаҩшәҟәқәа мазеины иҟоуп, аха изтәу ирымгацт. Аамҭалатәи ауадаҩрақәа рԥынгылар алшоит еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны атәылауаҩшәҟәы аԥсахра иахьымӡаз. Урҭ иреиуоуп абиуџьеттә усбарҭақәа рҟны аус зуа, атәанчахәы абанктә хсаалақәа рыла изауа. Атәылауаҩшәҟәы ҿыц роуаанӡа ирзамхуам руалафахәы, ртәанчахәы. Уи мызкы иҭагӡаны ирыӡбаша зҵаароуп, аха уеизгьы аамҭалатәи уадаҩрақәак цәырҵыр алшоит абри амзыз иахҟьаны", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ҳаџьымба: Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ала ҳуааԥсыра рыбжеиҳараҩык еиқәыршәоуп

Ажәабжьқәа зегьы
0