АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит Аԥсныи Урыстәылеи рҟны аҵарадырра азхаҵаразы азакәан. Афедералтә закәан атекст кьыԥхьын азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара аҵареи аквалификациеи разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азузааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
Аиқәшаҳаҭра иҳәаақәнаҵоит Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҳәынҭқарратә аккредитациа змоу аҵаратә программақәа рыла аҵара ахьырҵо аҵаратәи анаукатәи усҳәарҭақәа рҟни Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара шьаҭас иҟаҵаны аҵаратә усура мҩаԥызго Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҵаратәи наукатәи усҳәарҭақәа рҟни ироуа аҵареи аквалификациеи наҟ-ааҟ реицазхаҵара, Аганқәа рҳәынҭқаррақәа рҟны урҭ змоу аҵара роуреи апрофессионалтә усура амҩаԥгареи рылыршара.
Уи адагьы аиқәшаҳаҭра Урыстәылатәи Афедерациаҟны ироуз азеиԥш ҵара хадеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ироуз азеиԥш ҵара хадеи еишьашәалоуп ҳәа иаԥхьаӡоит, дара зауз ирнаҭоит азин Урыстәылатәи Афедерациаҟны азеиԥш бжьаратәи мамзаргьы абжьаратә профессионалтә ҵареи рышьҭахь рҵара ацҵареи аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыҟны рзанааҭтә усура амҩаԥгареи рзы.
Аиҳабыраҿы иазгәарҭеит аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аинтересқәагьы ишрықәшәо, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҵара аусхк аҟны аусеицура шарӷәӷәо.
Аиқәшаҳаҭра анагӡара асоциал-економикатә хылҿ бааԥс ацым, Урыстәыла абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра цҵа аҭахны иҟалом.