Каир иҭахаз рхыԥхьаӡара ԥшьҩык рҟынӡа инаӡеит

© AFP 2023 / AHMED GAMELСкорая помощь
Скорая помощь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Египет аҳҭнықалақь Ель-Мариутиа амҩаҿы Виетнамтәи атуристцәа зҭаз автобус ааигәара иԥжәеит анапылаҟаҵаратә рԥжәага.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik. Египет аԥыза-министр Мусҭафа Мадбули ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит иҟалаз аԥжәара иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара ԥшьҩык рҟынӡа ишхалаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Египет аҳҭнықалақь Ель-Мариутиа амҩаҿы Виетнамтәи атуристцәа зҭаз автобус ааигәара иԥжәеит анапылаҟаҵаратә рԥжәага. Иҭахеит хҩык ауаа. Аамҭақәак рышьҭахь Египет атәылауаҩ, аекскурсиамҩаԥгаҩ ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анизыҟарҵоз иԥсҭазаара далҵит", — ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Аҽа ҩыџьагьы рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, урҭ рыԥсҭазааразы аҳақьымцәа иалшо зегь иаҿуп иҳәеит иара.

Взрыв прогремел в церкви Святого Георгия в египетском городе Танта - Sputnik Аҧсны
Египет атуристтә автобус аҿы аԥжәара ҟалеит

Мусҭафа Мадбули иазгәеиҭеит автобус ишәарҭадоу атурист маршрут ишаныҵыз.

"Автобус ишәарҭадоу атурист маршрут ианыҵит. Арҭ амаршрутқәа аполициа ирыхьчоит. Автобус аҽа мҩак ала ицеит, убри аан азинхьчаратә усбарҭақәа адырра рыҭамызт", — ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Ашәарҭадаратә прокуратура аусзуҩцәа ахҭыс аҭҵаара напаларкит. Арԥжәага аекспертизахь инашьҭуп.

Аӡынтәи асезон азы Каир иҟалаз ахҭыс атуризм аусхк азы анырра бааԥсхар алшоит ҳәа иҳәоит Египет атуризм аминистр Валид аль-Баттуты.

"Ахҭыс ҟалеит атәылаҿ асезонтә туризм аҿиара аманы ианыҟоу. Ҳгәыӷуеит ахҟьа-ҿҟьақәа ԥырхага дук ҟарҵарым ҳәа, Қьырсаныҳәеи Ашықәс ҿыци ҭынчрала имҩаԥысып ҳәа", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит атерроризм аӡәгьы иҽшизацәымыхьчо.

"Атерроризм адунеи атәылақәа зегьы рзы ишәарҭоуп, Египет мацаразы адагьы", — ҳәа иҳәоит аль-Баттуты.

Каир, ԥхынҷкәын 28, асааҭ 18.15 рзы Ель-Мариуты амҩаҿ аԥжәара ҟалеит. Атәыла апрокуратура хада адыррақәа рыла, иҭахеит хҩык атуристцәеи аҭыԥантәи аекскурсиамҩаԥгаҩи.

Ажәабжьқәа зегьы
0