00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини аидныҳәаларақәа еимырдеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента.
Администрация президента.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимр Путин иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни ииасуа ашықәс азы ишазгәарҭаз Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара жәашықәса ахыҵра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини аидныҳәаларақәа еимырдеит Ашықәс ҿыци Қырсаныҳәеи рыламҭалазы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны иқәынхо ажәлари ареспублика анапхгареи рыхьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәа лашеи. 2018 шықәса рзы аԥсны-урыстәылатәи еизыҟазаашьақәа хра рыманы иҿион еиуеиԥшым аусеицуратә хырхарҭақәа рҿы", - ҳәа аҳәоит Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

Аԥсны ахада иҳәеит агәрагара шимоу 2019 шықәса рзгьы аусеицура ишацҵахо аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәаразы.

Аԥсны ахада Владимир Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҿ ихаҭатә лагаламҭазы, атәылауаа рзы акрызҵазкуаны иҟоу азҵаарақәа аӡбра рыҭаразы.

Ҳаџьымбеи Путини реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: Ҳаџьымбеи Путини реиԥылара азыԥхьагәаҭан

Иара убасгьы изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, аманшәалара, ақәҿиара ҿыцқәа, аиашьаратә аурыс жәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи.

Владимир Путин иааишьҭыз ателеграммаҿ Аԥсны ахада дидныҳәалеит.

"Агәра згоит ԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа, аиҩызареи астратегиатә пртнерреи ҵаҵӷәыс изманы иҟоу, ҳажәларқәа рыҩбагь рҭахрақәа ирықәшәо аҿиара роуп ҳәа", - иҩуеит Урыстәыла ахада.

Владимир Владимир-иԥа Рауль Ҳаџьымба изеиӷьеишьеит "агәабзиара, анасыԥ, атәыла ахадараҿы иҟазаараан ақәҿиарақәа, ареспублика ауааԥсыра – аизҳазыӷьара".

Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини аҵыхәтәантәи реиԥылара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 23 2018 шықәса рзы, Москва.

Ажәабжьқәа зегьы
0