Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуа: Аԥсны аҳәынҭқарратә беиарақәа гәыԥҩык рнапаҟны ихәыҽны ирымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа
Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны 2018- тәи ашықәс ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьа аихшьаала ҟаиҵеит.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Ҷкотуа 2018-тәи ашықәс аихшьаалақәа ирызкны

"Абзиара мацара уалацәажәозар, иҟаҵоу рацәоуп узыҳәаӡом. Дарбанзаалак аминистр дықәгылан иҳәааит ари ашықәс иалагӡаны изыхьӡази изхьымӡази ртәы. Абас ахәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы ирзеиҭаҳәартә еиԥш иҟоума иахьа. Аԥсны ибеиоу ҳәынҭқарроуп, иҳамам акгьы ыҟаӡам, аха аиҿкаашьеи ахархәашьеи ҳақәшәом. Абеиара дуӡӡа ҳаманы амамзаара ҳҭагылоуп. Уи зыхҟьоугьы ахәынҭқарратә беиара гәыԥҩык рнапаҟны ихәыҽны иахьрымоу ауп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0