Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа

© Sputnik / Илона ХварцкияУчастник "Арт-маркета" Анаида Хварцкия
Участник Арт-маркета Анаида Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа инхо Анаида Хәарцкьиаԥҳа еиҭалҳәоит анапылаҟаҵарақәа дышрылагаз атәы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Анаида Хәарцкьиаԥҳа лыгәгьы иаанагомызт лнапала еиуеиԥшым анапкымҭақәа рыҟаҵараз аҟыбаҩ лылоуп ҳәа.

"Схәыҷқәеи смоҭацәеи ианрызҳа, урҭ сара сыцхыраара рҭахымкәа, аамҭа рацәа ансоу, исыӡбеит џьара акы снапы аласкырц. Аинтернет аҿы исыԥшааит еиуеиԥшымыз амаҭәарқәа, амаҭәахәқәа, анапкымҭақәа. Исгәаԥхаз саргьы иҟасҵоит ҳәа сыӡбеит", — лҳәоит Анаида.

© Sputnik / Илона ХварцкияАпатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа

Ашықәс ҿыц аламҭалаз Анаида еиҳарак иҟалҵо аныҳәа иадҳәало амаҭәарқәа роуп: ацәашьқәа, аԥсаӡқәа, ахәмаргақәа.

"Ҵыԥх 10 инареиҳаны снапала аԥсаӡ ҟасҵеит. Сыуацәа, сҩызцәа ҳамҭас ирысҭеит. Сынтәа смоҭа исалҳәеит, "Арт-маркет" аҽалархәра бҭахӡами ҳәа. Асиа санылҵеит. Абас, смоҭа илыбзоураны ари ауснагӡатә салахәхеит", — лҳәоит лара.

© Sputnik / Илона ХварцкияАпатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа

Ҩымчыбжьа инарзынаԥшуа Анаида афестиваль лҽазыҟалҵон.

"Сара исыӡбеит "Арт-маркет" ахь иназгарц ацәашьқәа, аԥсаӡ хәыҷқәа, арқьақьақәа. Аԥхьа ишыҟасҵаша сазхәыцуан, нас, аусура саналагалак аиҭакрақәа мҩаԥызгон. Сыҩныҵҟа акы исыҵанаҳәон абасеиԥш иҟаҵазар, еиҳа еиӷьхон ҳәа. Саргьы уи абжьы сацныҟәон", — ҳәа еиҭалҳәоит Анаида.

© Sputnik / Илона ХварцкияАпатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа

Анаида зегь раасҭа бзиа илбоит аԥсаӡқәеи аныҳәатә рқьақьақәеи рыҟаҵара.

"Сара заа аԥсаӡ азы арԥшӡагақәа азсырхиоит. Рԥшӡагас еиҳарак, схы иасырхәоит еиуеиԥшым аматериал: апатырқал-цәа рҩаны, аҵлалых уҳәа егьырҭгьы", — лҳәоит лара.

© Sputnik / Илона ХварцкияАпатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Апатырқал-цәа, ма аԥсаӡ: Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапкымҭақәа

Уажәазы лара илыӡбеит асалфеҭкақәа арԥшӡаразы лхы иалырхәарц. Аҟаза лажәақәа рыла иарбанзаалак амаҭәар арԥшӡароуп аамҭа рацәаны изго.

Сааҭк, сааҭки бжаки рнаҩс Анаида Хәарцкьиаԥҳа лнапала иҟалҵаз аԥсаӡ, ма ахәмарга, рхианы иаалыргылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0