Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба-Рудат еиҭалҳәеит Ашықәс Ҿыц Германиа ишаԥыло

© Фото : из личного архива Виолетты РудатВиолетта Рудат в ресторане "Абхазия" в Берлине
Виолетта Рудат в ресторане Абхазия в Берлине - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Берлин 30 шықәса инацны инхо ҳџьынџьуаҩ Виолетта Аҩӡба- Рудат арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи атәылаҟны Ашықәс Ҿыц ишаԥыло.
Аҩӡба-Рудат еиҭалҳәеит Ашықәс Ҿыц Германиа ишаԥыло

Германиа инхо хадаратәла Қьырса ныҳәа лаша азгәарҭоит. Ишдыру еиԥш, дара рҟны аныҳәамшқәа ԥхынҷкәын 24 инаркны иалагоит.

"Аныҳәа ԥшӡа, аныҳәа лаша Берлин аума, егьырҭ ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны ҳәыҷгьы дугьы еиӷәырӷьоит. Даара ибзианы иазгәарҭоит, Германиа иқәынхо усгьы заанаҵы аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Қьырса ныҳәа аназгәарҭо амза раԥхьатәи амш инаркны зегьынџьара идырԥшӡоит, идырлашоит. Ауаа ирбап, иргәаԥхап, саргьы сеигәырӷьап ҳәа ихәыцуеит. Аишәақәа рҟны икәдыргылоит амҿы иалхны аныҳәа иазку арԥшӡагақәа, "пирамида" ҳәа изышьҭоу амҿала иҭыԥҟаны иҟарҵоит, даара акраҵанакуеит дара рзы, ирымамзаргьы ҟалом, ҵаҟала  идырлашоит, игьежьуеит. Уи амузыка анацугьы ыҟоуп. Ауаа џьара еизаны ашәақәагьы рҳәалоит, ус иаԥуп. Ԥхынҷкәын 24-нӡа амҽышала ацәашьқәа адыркуеит. Анаҩс зыԥсы ҭоу аҵла аархуоит, урҭ аныҳәазы ирааӡоит, аԥсабара ԥхасҭа арҭаӡом. Зегьы рыҩнаҭақәа рҟны ҩба-хԥа метра иҟоу аԥсаӡқәа дыргылоит. Ахәы амза 24 рзы иҟарҵоит. Ҳара ҳҟны аныҳәа ишаԥыло еиԥшуп хәыҷык. Иагьа ихараны инхозаргьы ахәыҷқәа рани раби рҟны еизоит, анду, абду зегьы џьарак еицаԥылоит аныҳәа. Убасгьы даара аҵакы арҭоит аҳамҭақәа, урҭ зегьы еимырдоит. Аҳәынҭқаррагьы ҷыдала аныҳәазы ауаҩы ажәахатәи иуалафахәы ирҭоит", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0