Ахԥҳа: иџьашьахуп аԥхын агәҭа Ашықәс ҿыц аныҳәа азгәаҭара
"Зеландиа Ҿыц Ашықәс Ҿыци Иаса Қьырса аныҳәеи иазгәарҭоит аԥхын агәҭа. Ақалақь зегьы ҭәуп уааԥсырала, аӷбақәа рҿы иашаанӡа иазгәарҭоит аныҳәа. Акрыфарҭақәа зегьы рҿы ауаа рацәоуп. Ҳара Ашықәс ҿыц ҳаԥылоит ҭаацәашәала, иҳархиоит аишәа: аԥсыӡлых, мамзаргьы амшын иунаҭо аалыҵ ала афатәқәа ҟаҳҵоит. Аԥсныҟа ателефон ҳасуеит, ҳҭаацәа аныҳәа рыдаҳныҳәалоит. Аԥснытәи ачыс даара игәхьааҳгоит, аха араҟа иҽеины иузыҟаҵаӡом, агьам даҽакхоит. Убри азы иҳаӡбеит араҟа иаҳа иалыркаауа афатәқәа аишәа иқәаҳҵарц", - ҳәа азгәалҭеит Ахԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.