Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба: аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы алшара змам аҭаацәарақәа ацхыраара рырҭалоит

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа, алшара змам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы иаашьҭын аӡынтәи ашьаҵамаҭәа. Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.
Аҟәысба: аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы алшара змам аҭаацәарақәа ацхыраара рырҭалоит

"Еиҳарак аҿар рхеидкылақәа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ирылаланы, уи анаҩс Акультуратә хеидкылақәа рфедерациеи, аԥсуа-абаза конгрессгьы уахь иналаҵаны еиқәдыршәеит ацхыраара. Абарҭ амшқәа рзы Аԥсныҟа ишьҭын 1200 цыра аӡынтәи ашьаҵатәы алшара змам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы. Ари зныктәи цхыраарам, уи аԥхьагьы ус иҟаҵан, еиҭагьы иацҵахоит. Ари Аԥсны мацара азы акәӡам, ари ҳауаажәлар иахьыҟазаалакгьы алшара змам аҭаацәарақәа ус еиԥш ирзаҳашьҭлоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҟәысба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.  

Ажәабжьқәа зегьы
0