Џьопуа еиҭеиҳәеит аныҳәақәа рзы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аус шауаз
"Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рзы ахәыҷтәы хәышәтәырҭа абжьааԥны еиԥш аус ауан. Ацхыраара зҭахны иадҵаалаз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳахеит ҳәа ҳазҳәом. Ҳазҭалаз ашықәс бжьымш ирылагӡаны 400-ҩык инареиҳаны ачымазаҩцәа ҳадҵаалеит. Абжьааԥныгьы 50-60-ҩык рҟынӡа ацхыраара иаҳәоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рзы ҳтәылаҿы зыԥсы зшьоз асысцәагьы ", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.