Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа иаҿагыло ауснагӡатәқәа аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа иаҿагыло ауснагӡатәқәа аднакылеит
Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа иаҿагыло ауснагӡатәқәа аднакылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика аҳақьым хадацәа аилацәажәара мҩаԥыргеит Аԥсны аимҳәатә чымазара аԥзырҟәҟәаауа ауснагӡатәқәа рыдкылара азҵаарақәа рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik. Уажәтәи аамҭазы ареспублика аҩныҵҟа дарбанызаалак аӡәгьы "свиной грипп" ҳәа изышьҭо аимҳәачымазара иманы дыҟам, ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик, ажьырныҳәа 15 рзы имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Иара убри аамҭазы 160-ҩык рҟынӡа араспиратортә чымазаразы ахәышәтәырҭақәа рахь идҵаалеит. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

"Ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа иахәҭаны иҟоу материалла еиқәыршәоуп, аимҳәачымазара адиагностика аҭаразы. Аекспресс-тестқәа рхы иадырхәоит аушьҭырҭа "Ингур" асанитар-карантинтә ҭыԥ аҿы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Скорик иазгәалҭеит ианаамҭо ахәышәтырҭахь адҵаалараани ишахәҭо ахәышәтәра амҩаԥгараани "свиной грипп" шәарҭаны иҟам ҳәа.

Лара илҳәеит азыԥхьагәаҭаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ахәҭоуп ҳәа.

"Иара убри аан ирацәаҩуп ахәыҷқәа алаҵа рыҟаҵара зҭахым аҭаацәа", - ҳәа лҳәоит Скорик.

Галтәи араионтә хәышәтырҭа аҳақьым хада Георги Шониа ииашам ҳәа ахиҳәааит ахәышәтәырҭаҿы "свиной грипп" зыхьуа ауаа аднагалахьеит ҳәа иҟоу ацәажәара.

Аилацәажәара аихшьаалақәа инарықәыршәаны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа адҵа ҟаиҵеит амедицинатә усбарҭақәа иахәҭоу ахәшәқәа рыла еиқәыршәазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0