Гагра араион аҿы аԥжәара ҟалеит

© SputnikГагра араион аҿы аԥжәара ҟалеит
Гагра араион аҿы аԥжәара ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭахь аԥжәара ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион Лӡаа ақыҭан амашьына ахьыԥжәаз иахырҟьаны аахақәа иоуит ахаҵа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Аоператив-ҭҵааратә гәыԥ аҭыԥ аҿы ишьақәнаргылеит асааҭ 16:25 рзы Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Аԥсны амҩаҿ атранспорттә хархәага "Audi Q-7 шыԥжәаз", - ҳәа рыҩуеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Audi Q-7" зхатәу, 53-шықәса зхыҵуа Еваленко Михаил Лев-иԥа аԥжәара аамҭазы амашьына дацәыхарамкәа дгылан. Ахҭыс ашьҭахь иара ахәышәтырҭахь днаган.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аекспертцәа, иҟалаз мзызны иамоу аҭҵаара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0