Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: ажәлар рҿы "амшын ҭыршьааит!" ҳәа иҳаҳауа шиашам дҳарбарц ҳҭахуп

© Sputnik Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсыӡкразы ауаажәларратә хылаԥшратә гәыԥ аԥҵара хықәкыс иамоу атәы.
Ҷыҭанаа: ажәлар рҿы "амшын ҭыршьааит!" ҳәа иҳаҳауа шиашам дҳарбарц ҳҭахуп

"Ажәлар рыбжьара иҳаҳауеит "амшын ҭыршьааит", аԥсыӡ бзиақәа зегьы аҭырқәцәа икны иргеит" ҳәа. Абри шиашам, ишҵабыргым агәра дыргаразы ауаажәларратә гәыԥ аԥҵазарц азаҳаӡбеит. Изҭаху зегьы ирымоуп алшара абри аштаб аус шауа агәаҭара, иҳацны амшын ихыланы агәаҭарақәа рымҩаԥгара. Ахылаԥшра мыцхәы џьаргьы иаԥырхагам, уи аус иазеиӷьуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

 

Ажәабжьқәа зегьы
0