Аԥсны Анцәа иӡаахра амш: Анцәа иашьапкра ахьымҩаԥысуеи ианымҩаԥысуеи

© Sputnik / Илона ХварцкияНастоятель монастыря святого Иоанна Златоуста игумен Игнатий (Киут) во время водосвятного молебна, посвященного празднованию Крещения Господня у источника Святого Василиска возле села Каман в Республике Абхазия
Настоятель монастыря святого Иоанна Златоуста игумен Игнатий (Киут) во время водосвятного молебна, посвященного празднованию Крещения Господня у источника Святого Василиска возле села Каман в Республике Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа Анцәа иӡаахра иадҳәалоу Анцәа имҵаныҳәарақәа мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 18-19 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа Анцәа иӡаахра иадҳәалоу Анцәа имҵаныҳәарақәа мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 18-19 рзы, Аҟәа, Гагра, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит арҭ аҭыԥқәа рҿы иҟоу ауахәамақәа рмаҵзуҩцәа.

Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы Анцәа иӡаахра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ 8 инаркны агәнаҳақәа рхыхрала. Асааҭ 8:30 рзы имҩаԥысуеит Анцәа иашьапкра дуи аӡы аԥшьареи. Асааҭ 13:00 имҩаԥысуеит Аӡӡаахра ԥшьа амаӡара иазку ауснагӡатәқәа, асааҭ 15:00 рзы - уахынлатәи Анцәа иашьапкра ду.

Суликәа Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Суликәа Ҳараниаҧҳа: жәытәаахыс ҳаҩнаҭаҿы гәырӷьара дуны иазгәаҳҭоит Қьырса

Ицқьоу Анцәа иан лқәыршә гагратәи Ауахәамаҿ ашьыжь Анцәа иашьапкра амҩаԥгара иалагоит асааҭ 9:00 рзы, асааҭ 15:00 рзы иалагоит уахынлатәи Анцәа иашьапкра ду.

Асааҭ 9 рзы шьыжьнаҵы Агәыӡера иҟоу Ацқьа иашаҳәаҩ Илиа иуахәамаҿы Анцәа иашьапкра ду мҩаԥгахоит. Асааҭ 23:30 рзы Аӡӡаахра ԥшьа амаӡара мҩаԥгахоит. Абри ашьҭахь аб Далмаҭ ишиҳәаз ала Анцәа дхазҵо ауахәама аҭааҩцәа амшын ма Кьалашәыр рыҽӡааршьырц инеир рылшоит.

Ажьырныҳәа 19 рзы Очамчыра, Ацқьа Евстафи Аԥсилтәи иуахәамаҿи Гал, Ацқьа иааирагаҩ Гьаргь иуахәамеи рҿы аӡы рыԥшьоит, Анцәа иашьапкра ду мҩаԥыргоит.

Гәдоуҭатәи ицқьоу Анцәа иан лқәыршә ауахәама амаҵзуҩы Василиск Леиба ишиҳәаз ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагоит ажьырныҳәа 18 рзы, асааҭ 22:00 инаркны. Ажьырныҳәа 19, асааҭ 11:00 рзы аџьар ныҟәара мҩаԥгахоит, амшын аҟны аӡы рыҽӡааршьуеит. Асааҭ 12:00 рзы Ицқьоу аӡӡаахра амаӡара иалагоит.

Драндатәи Иԥшьоу Алацәеиқәыԥсарҭа аберҭыԥ аҿы Анцәа иӡӡаахра ауснагӡатәқәа ирылагоит асааҭ 9:00 рзы. Ахәылбыҽхатәи Анцәа иашьапкра иалагоит асааҭ 15:00 рзы.

Традициак аҳасаб шьҭнахит аныҳәатә ӡыцқьа аҽыҭшьразы Каманҟа анеира. Араҟа ауснагӡатәқәа ирылагоит ажьырныҳәа 18, асааҭ 23:00 рзы. Имҩаԥысуеит ажьырныҳәа 19, шьыжьынӡа. Иара убри аҽны, ашьыжь асааҭ 8:00 рзы Ацқьа Иоанн ахьҿа иберҭыԥ аҿы Анцәа иашьапкра ду мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0