Амшын Еиқәа ихыз ашхәаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит

© Sputnik Прогноз погоды
Прогноз погоды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла амшын аҟәара ааигәара ажьырныҳәамзазы иӡааҟәрылаз аӷба "Волго-Балт" акаԥдан иԥсыбаҩ акәзар ҳәа агәаанагара ззыҟоу ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит ашхәаҿ.

АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Тҟәаԥс иахьаҵанакуа анеитралтә мшынӡқәа рҿы амшын ихыз ашхәаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 19 рзы, Тҟәаԥс иахьаҵанакуа анеитралтә мшынӡқәа рҿы амшын ихыз ашхәаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит аӷба NURS амшынуаа. Иҟоу агәаанагарала, ашхәа аӷба "Волго-Балт" иатәуп", - ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт азы Аладатәи аусҭҵааратә Усбарҭа.

Ашхәа Новороссиискҟа инаргеит. Ахаҵа ихаҭара ашьақәыргылара иаҿуп. Еиҳа инарҭбаау адыррақәа алыршахоит аӡбара-медицинатә експертиза анымҩаԥгахалак ашьҭахь.

Аидарамҩангага ӷба "Волго-Балт" ажьырныҳәа 7 рзы Ҭырқәтәыла иацәыхарамкәа иӡааҟәрылеит. Аекипаж шьақәгылан: жәҩык украинауаа, ҩыџьа азербаиџьанцәа, ҩыџьа урыстәылауаа рыла. Амаҵзура Anadolu ишаҳәаз ала, фҩык амшынуаа ҭахеит, быжьҩык еиқәырхан.

Ажәабжьқәа зегьы
0