Вышински иус аҭҵаара мҩаԥызго иганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобиль следственного комитета. Архивное фото
Автомобиль следственного комитета. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Вышински аҳәамҭа ҟаиҵахьан Украина Аӡбарҭа хада ажьырныҳәа 23 рзы имҩаԥысуа аилатәара далахәхарц игәы ишҭоу, уаҟа иҭакра азашшра иахәаԥшраны иҟоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко аҳәамҭа ҟалҵеит апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински закәаншьаҭада ишьҭазаара далаҟьашьуп ҳәа Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә ҟәша аиҳабы Андреи Просниак. Просниак иганахь ала Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы аусзуҩцәа ишьақәдыргылеит апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински закәаншьаҭада ишьҭазаара далаҟьашьуп Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә ҟәша аиҳабы Андреи Просниак ҳәа. Иара иоуп Вышински иазҳәаз аҳәынҭқарра аԥсахразы аҭакԥхықәра азыԥхьагәазҭо ацәгьоура шидырҵо азы", - лҳәеит лара.

Вышински 30 том иҟоу иус аԥхьара напалеикит - Sputnik Аҧсны
Вышински иоуит алшара 30 том инаӡо иусшәҟәқәа рыԥхьаразы

Абри инадҳәаланы Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы Просниак иганахь ала ашьаус хацнаркит ажурналист ипрофессионалтә усура дахьаҿагылози закәаншьаҭада ашьаустә ҭакԥхықәра дахьаҵаиргылози рзы ҳәа азгәалҭеит Петренко.

Уи адагьы Петренко иазгәалҭеит Украина ашәарҭадаратә маҵзура Кирилл Вышински ахара зызиднаҵо икьыԥхьымҭақәа Украина ашәарҭадара акала иаԥырхагам ҳәа.

Апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

 

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Ажьырныҳәа 14 рзы Украина апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит Вышински иус хыркәшоуп ҳәа. 30 том рҟынӡа инаӡо ажурналист иусшәҟәқәа иара ихаҭа иеиԥш идукатцәагьы аԥхьарц ирыҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0